Ахра Аҩӡба иуацәеи иҩызцәеи иҭагылазаашьа зеиԥшроу еилыркаарц рҭахуп

© Sputnik Родственники и друзья Ахры Авидзба собрались у здания Службы государственной безопасности Абхазии
 Родственники и друзья Ахры Авидзба собрались у здания Службы государственной безопасности Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.03.2021
Анапаҵаҩра
Асабша ахәылбыҽха адукат Инга Габилаиа адырра ҟалҵеит лара Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзураҿы дшыҟоу, зинтересқәа лыхьчо Ахра Аҩӡба дицны иҿахәҿыхрахь дышцо.

АҞӘА, хәажәкыра 6 - Sputnik. Ахра Аҩӡба иуацәеи иҩызцәеи ираҳаит уажәшьҭа хаха ишрықәу рашьа Ашәарҭадаратә маҵзураҿы дахьаанкылоу кримфоижьҭеи, кримжәуеижьҭеи ҳәа иҳәеит аижәлантәқәа рыхьӡала Баҭал Аҩӡба.

Абыржәтәи аамҭазы АШәМ аҿы адукат Инга Габилаиа далархәны иҿахәҿыхра мҩаԥысуеит. Лара уажәада алшара лымамызт уи аҽалархәра. 

"Ҳара адырра ҳауит Ахра Аҩӡба абар хаха ирықәуп кримфоижьҭеи, акримжәуеижьҭеи ҳәа. Уажәы ҳара лара (Инга Габилаиа - аред.) ҳалзыԥшуп, ддәылҵны иҟоу иану анҳалҳәалак ашьҭахь, ҳрыҳәар ҳҭахуп аишьцәа, аиҩызцәа аӡәык-ҩыџьак Ахра дшыҟоу ҳбарц алшара ҳарҭарц", - иҳәеит Баҭал Аҩӡба.

Иара иазгәеиҭеит ауацәа АШәМ аҿаԥхьа изеизаз адукат Ахра Аҩӡба иахь дахьынармышьҭуаз азы шакәу, уажәы-уашьҭан ҳәа ишақәдыргәыӷуазгьы.

Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ, аотриад "Пятнашка" акомандаҟаҵаҩ Ахра Аҩӡба Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа дааныркылеит, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзурахьы иҿахәҿыхразы днаргеит хәажәкыра 4 рзы. Официалла иара дзааныркылаз атәы рымҳәаӡацт.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0