Амца зыцраз апоет: Владимир Анқәаб изкны

© Foto / Анатоли ЛагулааВладимир Анкуаб
Владимир Анкуаб - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет Владимир Анқәаб игәалашәара иазкны анҵамҭа ҳадигалоит апоет Анатоли Лагәлаа.

"Владимир Анқәаб ихаҭа амцабз иаҩызаз патриотын. Ус сҳәеит ҳәа, ашәҟәыҩҩы даншәҟәыҩҩха, дпатриотзароуп, мап анакәха, дабатәи шәҟәыҩҩу? Аха Владимир Анқәаб афанатизмра иазааигәан ипатриотизмра".

Никәала Ҳашыг

Ааигәа диижьҭеи 93 шықәса ҵит еицырдыруа аԥсуа поет, апатриот, аҵарауаҩ Владимир Анқәаб. Уи 1970 шықәсазы ииҩыз иавтобиографиа Дырмит Гәлиа имемориалтә музеи аҿы иҟоуп. Уаҟа иҩуеит: "Сара, Анқәаб Владимир Платон-иԥа, сиит Гагра ақалақь аҿы, аха сахьиз исзымҳаит, иахьсызҳаз аҵара ҵарҭа смоуит, аусурҭа ахьсоуз иара атәы ҟаҵатәхеит, сҭагылазаашьа сылшарақәа еиҩнашеит. Абас, адунеи саақәлеижьҭеи, сыԥсҭазаара еиқәҟьашароуп излоу".

Николай Хашиг - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2021
Аԥсуара ахьчара зыԥсҭазаараз: ашәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыг диижьҭеи 89 шықәса ҵит

Бзиа ибоит уигьы Аԥсны,

Аха ҳаиқәшәом ҟазшьала.

Бзиа ибоит аҭыԥԥхақәа рзы,

Са сгәы еисуеит уи ашьала!..

Усҟан сара Аԥснытәи аҳәынҭқарратә институт санҭла, Владимир Анқәаб афилологиатә факультет аҿы рҵаҩыс дҳаман, убри инаҷыдангьы, иҩуаз аҿар зегьы иара иакәын ҳамҩақәызҵоз, илаԥш ҵар ҳхын… Уи зырҿиара зегьы зыжәлар ирызкыз, ианаҭахыз аамҭаз ихы рықәҵатәызар, зхы рықәызҵоз, зыԥсеиԥш змилаҭ бзиа избоз поетын…

Уи иҩыза бзиа, ашәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыг апоет изку игәалашәарак аҿы ишазгәеиҭо еиԥш, иара еснагь ибызшәа дазгәыдуун, уи заҭәазымшьоз ауаа анибалак, хатә хьаак еиԥш, игәы инархьуан.

© Foto / Абхазская интернет-библиотека Владимир Анқәаб
Амца зыцраз апоет: Владимир Анқәаб изкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2021
Владимир Анқәаб

Владимир Анқәаб драӷан зхатәыбызшәа тәамбарала иазыҟаз ауаа. Уи, ихәыҷқәа ракәым, имаҵуар лагьы ԥсыуа хьӡын иахьӡыз - Фыраҷа, уигьы аԥсышәала акәын дшацәажәоз!.. Ихыхәмарны алаф илызхуазгьы ыҟан, аха, узырччаша, урҭ алафҳәаҩцәа рыхшара раҵкысгьы, Фыраҷа еиҳа аԥсшәа еилнакаауан!

Абас дыҟан апоет Владимир Анқәаб - апоет, зыԥсадгьыл ашьала згәы еисуаз апоет-апатриот. Уи игәахәтәы дзахьымӡакәа, иҿахәы нагӡаны изымҳәакәа, иԥсҭазаара далҵит, аха уи иҭынхеит иажәа, ижәлар ирзынижьит идоуҳатә уасиаҭ. Уи рызкуп иахьатәи аҿар, уи рызкуп ес-еиҵагыло абиԥарақәа. Ус анакәха, уи дҳалагылоуп иахьагьы. Апоет ԥсра иқәӡам, уи ижәлар дрыцуп еснагь.

© Foto / Анатоли ЛагулааВладимир Анқәаб
Амца зыцраз апоет: Владимир Анқәаб изкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2021
Владимир Анқәаб

Иаҳгәалаҳаршәап апоет заатәи ипоезиа аҟынтәи цәаҳәақәак:

Жәҩан исзаҟәымгауа сыблақәа,

Сгәы аҩада исыхоит хара.

Тәашьас исымои сымгылакәа,

Ажәлар сырԥазар сара…

Уи аигаӡаргьы сыԥсҭазаара,

Ажәҩанахь сҽыҳарак снаԥшыртә.

Абшьҭрала исмоузаргь уи аҟазара,

Амҵәыжәҩа счаԥароуп сыԥрыртә…

Сгәы шаԥшаԥуа исыма уа сҩагахар,

Сыжәлар уи сгәы сааха ирызҭых,

Имыцәоу мчы змоу лашарбагаха,

Ирзаҳарак искрын уаҟа ишьҭых!

Владимир Анқәаб есымша ибылуаз, амца ԥеиԥеиуа изкыз поетын. Уи астудентцәа даара бзиа дырбон, иара икабинет аҿы алекциақәа дрылганы даннеилак, атәаха, аԥсшьахаҵәҟьа ирҭаӡомызт, ак зыҩуаз зегьы иара ишә илагылан ртетрад хәыҷқәа кны.

© Foto / Анатоли ЛагулааВладимир Анқәаб
Амца зыцраз апоет: Владимир Анқәаб изкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2021
Владимир Анқәаб

Сара ахаан исхашҭӡом, астудентцәа ҳажәеинраалақәак реилыргараҿы шаҟа дгәырӷьаны, сажәеинраалақәа сымхны, иара иаԥхьашьала, ибжьы ырҳаракны, иԥшӡаны сажәеинраалақәа сахьаркны дышрыԥхьаз! Арҭ ажәеинраалақәа равтор, иара дыҷкәынцәоуп азы дыԥхашьаны ишахәҭоу дызрыԥхьаӡом, акәымзар, иҵегь шәнапқәа еинышәҟьон, иҳәеит, дрыԥхьаны данаарылга!

Борис Гургулиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2020
Зныҳәаԥхьыӡ сыцу апоет: Борис Гәыргәлиа диижьҭеи сынтәа 85 шықәса ҵит

Убри нахыс ауп, Борис Алмасхан-иԥа Гәыргәлиеи иареи аинститут аҿы иҭыҵуаз анапылаҩыратә журнал "Арҩашгьы" редакторс сыҟаҵаразы иахьеиқәшаҳаҭхаз… Саргьы усҟан алитературатә журнал аҭыжьразы ԥышәак шсымамызгьы, сақәшаҳаҭхеит, хышықәса рыҩнуҵҟа х-номерк еицыҭҳажьит сҩызцәеи сареи… Уи зегьы зыбзоураз Владимир Платон-иԥа иакәын…

Владимир Анқәаб еибахеибафо инеиуаз аӡиас иаҩызаз иԥсҭазаараҿы дзыхьӡаз, иаԥиҵаз ишәҟәқәа иахьа ҳаԥхьаҩцәа дыргәырӷьоит, ирылаҵәахьеит. Урҭ иреиуоуп: "Сышьха ӡиас", "Бзыԥ аԥшаҳәа", "Сыбзиабара", "Абрыскьыл", "Сышьха хыҵырҭа", "Асхыс", иажәеинраалоу ароман "Абрыскьыл", иажәеинраалоу ароман "Ааԥыни анаҟәеи", " Сышьха ӡиас", "Амшын аҿықәан", "Иҩымҭақәа х-томкны".

Иара убасгьы аҭҵаамҭақәа "Аԥсуа новеллақәа. Акритикатә-еилкааратә очеркқәеи, астатиақәеи, арецензиақәеи", "Аԥсуа проза ашьақәгылареи аҿиарамҩақәеи".

Сара акырынтә апоет Владимир Анқәаб азал дуқәа рҿы иажәеинраалақәа данрыԥхьоз сизыӡыҩрхьан, уи ипоезиа згәаԥхоз рнапеинҟьара дуқәа слымҳала исаҳаит, сылала избеит. Ҳара уи истудентцәа даара ҳгәы иладуун иажәеинраалақәа ҿырҳәала дрыԥхьо данықәгылоз, "Анцәа диныҳәааит, рацәа даԥсыуа хаҵоуп!" ҳәа иагьараан изырҳәо саҳахьан уи изыӡыҩруаз, абасеиԥш иҟоу ацәаҳәақәа данрыԥхьоз:

Бзиа избоит сара Аԥсны,

Сыԥсадгьылоуп, насгьы

Сызҳаит сан дсымамкәа, -

Убри сан лцынхәрасгьы…

Владимир Анқәаб ирҿиамҭақәа даара ажәлар ишырзааигәаз зегь раԥхьагьы агәра узырго иреиуоуп уи ихцәажәахьоу ашәҟәыҩҩцәеи акритикцәа хатәрақәеи рыстатиақәа улаԥш анрыхужьлак. Урҭ иреиуоуп: Шалуа Ҵәыџьба, Шамил Ԥлиа, Руслан Қапба, Борис Гәыргәылиа, Артур Аншба, Владимир Аҵнариа, Алықьса Гогәуа, Никәала Ҳашыг, Сергеи Зыхәба, Витали Амаршьан, Екатерина Бебиа, Даур Занҭариа, Диана Аџьынџьал, Ахра Анқәаб уҳәа убас ирацәаҩӡаны.

© Foto / Анатоли ЛагулааВладимир Анқәаб
Амца зыцраз апоет: Владимир Анқәаб изкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2021
Владимир Анқәаб

Апоет еицырдыруа иажәеинраалақәа рыԥхьара уанналагалак, иаразнак ургәылархалоит, избанзар, урҭ уара иузааигәоуп, уара иутәуп, уара иуциит. Иаҳгәалаҳаршәап, ажәеинраала "Ҳашьцәа абазацәа шәахь" алагамҭа:

Анык лоуми ҳазхылҵыз,

Ҳзааӡаз анык лкыкахшоуп.

Ҳашьцәа гәакьақәа,

Абаза жәлар, сшәыкәыхшоуп!

Мамзаргьы аиԥыларақәа зегьы рҿы шамахак иара есымша дзыԥхьоз ажәеинраала "Сан, бабаҟоу?":

Адунеиаҿ зегь реиҳа исцәымӷуп азҵаара,

Иансарҳәо: "Арԥыс, узҷкәында уара?"

Схахьызгара смоуа, имцаха ацара,

Сыӷрала исылнахуеит аԥхӡы сара…

Владимир Анқәаб ирҿиамҭақәа иаарылыҳәҳәо иажәеинраалоу ироман "Абрыскьыл" даара дазааҭгыланы, инарҵаулан дахцәажәахьеит, ахәшьара бзиагьы аиҭахьеит Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа. Абраҟа иааҳгоит уи истатиа бзиа аҟынтәи цәаҳәақәак:

"Абарҭқәа дырны ауп аԥсуа поет Владимир Анқәаб дацԥыҳәаны нап заиркыз Абраскьыл ду изкны ароман. Уи акыраамҭа заӷьа илымшоз ала бзиа ибаны, аус адиулон ижәлар гәакьа иаԥырҵаз афольклортә хаҿсахьа дуӡӡа литературатә символтә хаҿсахьаны аҟаҵаразы. Абаа ду еиԥш аамҭа амшын иахьалагылаз, уи аҭынха "аҭӡамцқәа" иара аамҭа ацәқәырԥа акырӡа ишашәазгьы, ԥсреи-ҵахареи зықәӡам ар ирыхьчо ацитадель аиԥш, амшын иалыҳәҳәо, зегьы ирбарҭан инхаз аепос ашьаҭа, агәыцә, афилософиатә ҵакы ду ауп".

© Foto / Абхазская интернет-библиотека Владимир Анқәаб иажәеинраалоу ироман "Абрыскьыл"
Амца зыцраз апоет: Владимир Анқәаб изкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2021
Владимир Анқәаб иажәеинраалоу ироман "Абрыскьыл"

Аҵыхәтәан, Владимир Анқәаб изку сыстатиа кьаҿ хыркәшо иазгәасҭар сҭахуп, уи изкны сара даара гәыблыла санстудентыз жәеинраала хәыҷык шызҩхьаз. Усҟан, иара ҩынҩажәижәаба шықәса анихыҵыз акәын, ииубилеи азгәарҭон дахьиз, дахьааӡаз Хәаԥ ақыҭан. Ажәлар уахь инаԥхьаз даара ирцәаҩын, ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, Аԥсны аиҳабыра. Аиубилеи анҵәамҭаз ажәа сырҭеит:

Владимир Ахиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.01.2021
Апоезиа зыԥсҭазаараз апоет: Владимир Ахьиба диижьҭеи 83 шықәса ҵит

"Апоет ирҵаҩцәа аӡәы жәеинраалак ихьӡынҩылан иҩит, иахьа даҳзамԥхьакәа дҳашьҭуам!" - ҳәа лафкгьы хааӡа инацҵаны.

Сара сҩагылан, уи аҿаца-ҿацаҳәа саԥхьеит, итәаз ажәларгьы иргәаԥхеит, анапеинҟьара бзиагьы аиуит. Иара, аиубилиар, Владимир Анқәаб иаԥсуа маҭәа, ихылԥарч ԥшӡа, длаша-лашо дҩагылан иҿааихеит сара сахь, нас сыжәҩа инапы нықәикын, ҿааиҭит:

"Абри сҩыза қәыԥш иоуп, агәра згоит дышпоетхо!" - ҳәа.

Уи иажәақәа сара иахьагьы ихааӡа сгәы иқәуп, иҳәашьа убриаҟара агәы аҵан. Амала, рыцҳарас иҟалаз, иахьа иара изкны сзыԥхьаз ажәеинраала сцәыӡхьеит, аха сгәалашәараҿы ахааназ инхеит исхамышҭӡо уи аҵыхәтәантәи акуплет. Абар иаргьы!

Еицырҳәалоит, насыԥ змоу қыҭоуп,

Арҿиаҩ иашәақәа рхыҵхырҭа Хәаԥ!

Апоет данпоетха, бџьарла деибыҭоуп,

Жәларык дырхылҵит, Владимир Анқәаб!

© Foto / Анатоли ЛагулааВладимир Анқәаб
Амца зыцраз апоет: Владимир Анқәаб изкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2021
Владимир Анқәаб

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0