Ахьы зҿыҵышәшәоз ашлақәа ирхылҵыз: Мушьни Миқаиа игәалашәара

© Фото : Анатоли ЛагулааАшәәҟыҩҩы Мушьни Миқаиа диит жәабран 22 1932 шықәсазы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан
Ашәәҟыҩҩы Мушьни Миқаиа диит жәабран 22 1932 шықәсазы Очамчыра араион Кәтол  ақыҭан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" аҳәаақәа ирҭагӡаны шәаԥхьарц ишәыдаагалоит иналукааша аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет Мушьни Миқаиа ирҿиара иазкны Анатоли Лагәлаа иазирхиаз инарҭбаау аматериал.

Апоетцәа зегьы еиԥшӡам, Анцәа иҟнытә! Иҟоуп апоетцәа, унарыдыххылан зхы "узымҭо", акыр узыргәаҟуа, узырхәыцуа, урҭ рышәҟәқәа нықәуҵароуп, иаақәухыроуп, ражәеинраалақәагьы, иаразнак "иузԥымҽыз" арасеиԥш, удыргәаҟуеит, аха урҭ "ԥымҽкәа" урыцрыҵӡом, избанзар, урҭ ирызҭоу ргәаҭа шыбзиоу удыруеит!.. Насгьы, уара урҭ ргьама даҽа гьамак иадукылаӡом, уадыршьцылахьеит, рыгәра угахьеит, ԥыҭраамҭак урзымхынҳәыргьы, рыгәхьаагара уалагоит, ани иқәҵан уахьырԥырҵыз гәнаҳак ҟауҵазшәа ухы убо уҟарҵоит... Избанзар, урҭи уареи ишәымбаӡакәа шәеилибакааит, мамзаргьы, цҳак шәымбаӡакәа ишәыбжьалеит, шьҭа ишәзынхаз, амаакыра аҭара ауп, шәеиқәгәыӷны шәеиҭанеиааилартә, шәыгәҭыхақәа еибышәҳәалартә, шәбызшәа еибакыртә, шәхаԥыц еибаҿаанӡа.

Мушьни Миқаиа - Sputnik Аҧсны
Аԥхьаҩ дызмоу ашәҟәыҩҩы

Саргьы убас кыраамҭа ззааигәахара саҿыз, зҿы снеиаанӡа асы ӷәӷәа "аԥра" зықәшәаз поетуп, шәҟәыҩҩуп Мушьни Миқаиа. Уи, поетк иаҳасабалагьы, уаҩык иаҳасабалагьы, иаразнак дшузеилымкаауа еиԥш, иаразнак иааигәагьы унаишьҭӡом. Иара "иашҭа" уҭаижьларц азы, уизааигәаитәырц азы, агәра игароуп, зегь раԥхьа иргылан, баҩхатәрак акәицк шулоу, нас – аԥсуа бызшәа бзиа ишубо, угәы шазыбылуа, нас, егьырҭ "уграқәа" зегьы, иара иаразнак ишгәеиҭогьы, ишуҵидыраауагьы, ԥыҭраамҭак имбазшәа ҟаиҵоит, ани "акәиц" аҳаҭыраз!

...Мушьни Миқаиа ажурнал "Алашара" аредакциаҿы аус ахьиуаз ауадаҟны саб симан даннеиуаз аа-класск рҿы стәан. Сажәеинраала хәыҷқәа зныз стетрад аасымихын, илаԥш нархигеит. Сара сахьгылаз, ачалт иаҵалаз аҳәынҵәраԥшь еиԥш, сгәы ҭҟьон, сажәеинраалақәагьы дрыԥхьар сҭахын, аха арахь, игәамԥхар ҳәагьы сшәон! Аха, Анцәа иҟнытә, сызлақәымгәыӷуаз ала дрыхцәажәеит, уимоу, ибжьы рдуны, уи иҿаԥхьа итәаз, усҟан зсакьаҳәымҭа иҭагылаз ҳпоет Витали Амаршьангьы дизаԥхьеит, уи атетрад хәыҷы аҟынтәи ҩ-жәеинраалак, иааиуа аномерқәа руак ирнырҵарц. Уи аҽны закә мҵәыжәҩаз исоуз, саби сареи ҳауп издыруаз! Уи нахыс, саныстудентыз иҭыҵыз раԥхьатәи сажәеинраалақәа реизга ашәҟәгьы иара иоуп иақәҿызҭыз агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аҿы. Уи зегьы ԥшӡала, нас, даҽазны, даҽа аамҭак азыԥшаан изҩышт.

Агәра шәсыргоит Мушьни изкны изҩыша рацәаӡаны ишсымоу, избанзар, ԥшьышықәса аредакциа "Алашара" аҿы иареи сареи уадак аҿы ҳаидтәалан аус еицаауан, ани иара ирлас-ырласны игәалаиршәало Тур ихәы "шизылԥхаз" еиԥш, саргьы "Мушьни ихәы" сзылԥхеит, ҳаԥсуа бызшәа амшын ҵаула сӡааԥшылеит, избеит аҵаҟаӡа еилыџьџьаауаз, ахаан ԥсра-ӡра зқәым ҳаԥсуа доуҳа!.. Уи асаранџь агьама сара ԥсраҽнынӡа сгәы ихааӡа иқәзаауеит!

Мушьни ипоезиа "аартра" шымариамгьы, уанагәыланахала, уанатәнатәы, нас аԥырҵрагьы уцәыцәгьахоит, знык узышьцылаз аҭаацәара бзиа рааныжьра шуцәыцәгьоу еиԥш! Избанзар, уи ииҳәарц ииҭаху ахшыҩҵак, мамзаргьы иҭихуа аԥсабара асахьа, апеизаж, ма апоезиа иԥсаҟьан иагәылаԥсоу ажәытә ажәақәа, урҭ зегьы уара иумырбаӡакәа дара рахь "узларго" мчык рымоуп. Уи амч, ус ахы цәырган иунарбаӡом, ушаго "хатәгәаԥхаралоуп!"

Сымаӡа са сзын есымшагь имаӡоуп,

Сҵыхәтәы мшазоуп сымаӡа анцәырҵуа,

Сымаӡа маӡазаргьы, ицқьоуп, илашоуп,

Са сышьҭахьгьы, сымаӡоуп зышьҭа мыӡуа!

Апоет иаша, исҭахыз зегь сажәеинраала "иақәысҵеит", иагоит, убри шәашьҭал, убра ишәыԥшаа иҳәаӡом... Избанзар, уи есымша аҭыԥ аанижьуеит аԥхьаҩ изгьы, убригь, ажәеинраала иара ишиҭаху ианеиликаауа ыҟоуп, апоет ишиҭаху акәымкәа. Иара иахьиҭаху даангылоит, ма алагамҭа, ма аҵыхәтәа, акы алихыр ҟалоит, убра иԥшаар ҟалоит иара дзышьҭоу ахшыҩҵак, убра "иагьизирхиоит"! Егьырҭ иацу зегьы, афатә шыбзиоугьы, уи иаламкьыскәа, изҭаху зфо, акгьы узиаҳәаӡом!.. Уи далаӡоит иара! Уи изирхоит, ашә хәыҷны, абысҭа дуны.

Мушьни Миқаиа ихәалԥыз - Sputnik Аҧсны
Лашәриа: Мушьни Миқаиа иԥсҭазаараҿы ихадаз ипоезиеи ипрозеи ракәын

Алу ажә еиԥш ихьанҭоуп иахьатәи амш,

Аԥхыӡ цәгьеиԥш исықәыӷәӷәоит агәҿыӷьра.

Цәгьагь бзиагь акымзарак схамышҭт,

Зегьы-зегь ныҵазгалт сажәымҭа ашәшьыра.

Апоет дызнысыз амҩа, уи шаҟа дарблаҟьаз, шаҟа деикәанаргьежьыз, шаҟа даргәырӷьаз, шаҟа даргәырҩаз аҟара, убриаҟара иаԥхьаҟагьы, ажь шаҟа иухәо аҟара аҩы шыбзиахо еиԥш, ишазеиӷьхо еиԥш, иҩымҭақәагьы ирзеиӷьхоит, аиаша иазааигәанатәуеит, иара иацәаны, иажьны иҟанаҵоит. Усҟан, ацәаҳәагьы иаҭаххеит ҳәа амц азҳәаӡом, егьи иавагылоу ацәаҳәа ианаруӡом, избанзар, апоет ихшыҩ аҟны ианнеи, уа еилашит, уа ишәит, уа "ирзышьҭыхуаз" аидара иаҵеиҵеит...

Са сӡыхь еицамкӡац иахьанӡа,

Иҵырмақьххыроу иахьагьы.

Адунеи лакәхан избаанӡа,

Адунеи сақәлахоит саргьы!..

Сӡыхь хьырҩашхан икаҭәаанӡа,

Са сажәа соуеит нархас.

Ашьха рҩаш шыцәоу избаанӡа,

Саԥсуа ажәа лашоит мраҵас!

Мушьни ҳаԥсуа поетцәа даарылукаартә аԥсшәа бзиаӡан идыруеит. Уи иҩымҭақәа зны-зынла ирцәыхьанҭоу еидарк рықәиҵацәома уҳәо ианыҟалогьы ыҟоуп, аха умыццакыкәа уҽанрылоухалалак, агәра угоит апоет иажәақәа рҭыԥаҿ ишгылоу, рҿахәы шырҳәо, мыцхәы урҭ рырԥшӡара, рырмариара иара ишиҟазшьам, ишитәышьҭрам, апоезиаҿгьы, аԥсҭазаараҿгьы дшыҟаз еиԥш, иҽшимԥсахуаз, ажәа еицааира иаҳа ианаалоит ҳәа, ма арифмеи аритмеи раҳаҭыраз, иара игәы иаҭаху, игәы иалнахыз ажәа шимыԥсахуаз!

Ахьӡ-аԥша аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Мушьни Миқаиа - Sputnik Аҧсны
Мушьни Миқаиа: сара сырҿиара амҩаҿы зны схалон, зны сылбаауан

Насгьы, иара ажәа арҽырбара, иахьаҭахымгьы амҵәыжәҩа аҭара, угәы алаҟаӡамкәа мчыла аҽырлахҿыхра ицәымӷын, уи иара ихаҭагьы 2011 шықәсазы иҭыҵыз иажәеинраалақәа реизга "Аҭәымҭа" аԥхьажәаҿы иазгәеиҭоит:

"Апоет ипоезиаҿы ччабжьымзар, лаӷырӡык зҿамшәаз, иԥсҭазаараҿы акәтаӷь ԥымҽӡакәа извагьежьны ишбылгьоз мацара, зажәреи зҿареи еиқәызҳәалаз апоет, ипоезиа агәра згаӡом. Аха уи сҳәеит ҳәа, "сан дгызмалуп" зҳәахьада. Дасу иашәа ӷарыӷаҭәа ҿарпынбжьушәа иаҳауеит!.. Иажәеинраалақәа ииаанӡа ишыԥсыз изгәаҭаӡом. Сара стәала, уи еиҳау ашәҟәыҩҩы изыҳәан уаӷеимшхара ҟалаӡом.

Ииашоуп, сҵәыуацәоит, аха хыхь џьара исҳәахьан еиԥш, сҵәыуацәозаргьы, ҽырҵәыуа ҟасымҵеит. Исыхьуан, иахьагьы исыхьуеит, иахьсыхьуа снацәа ақәыскит. Исырџьаџьацәазаргьы, аиаша сзаӷрамԥалеит.

Сара уахынлатәи поетуп. Споезиа ахы инаркны аиқәҳәаларҭа аҟынӡа апеизаж ашәахәа агәылсуеит. Аԥсабара асахьақәа иргәылаԥоуп сыгәҭыхақәа. Ааԥын, аӡын, ашьыжьтәи ашәахәақәа, аӡаӡа, ашьацаагага, амзаҿа, амзаҭәымҭа, хәылԥшәаԥшь, ашарԥыеҵәа, аеҵәа џьарсахьа, абарҭ зегьы сара сзыҳәан игәырҩахҽыгоуп, игәыҟаҵагоуп. Абарҭ зегьы сҵәыуабжь иацуп, сыччаԥшь иацуп, срылаччоит, срылаҵәыуоит".

© Фото : Мушьни Миқаиа иархив аҟынтә иаагоупТаиф Аџьбеи Мушьни Миқаеи ашәҟәыҩҩцәа реизара аҟны
Ахьы зҿыҵышәшәоз ашлақәа ирхылҵыз: Мушьни Миқаиа игәалашәара - Sputnik Аҧсны
Таиф Аџьбеи Мушьни Миқаеи ашәҟәыҩҩцәа реизара аҟны

Апоет, ипоезиа аҟазшьа, иара ишеиҭеиҳәаз, иара дшазхәыцуа, иара иҽшааиртуа, даҽаӡәы иҭаххеит ҳәа дизаартӡом. Насгьы иара имаӡа ус ирлас-ырласны иааиртӡом, уи "ианихшәо" ауп ианааиртуа. Уи акы дыхнахроуп, игәаҵа арԥхароуп, ма дзыргәырӷьаша акы дахьыԥшыроуп, ма бжьы ссирк илымҳа иҭасроуп, хәыцрак арҿыхароуп, цәалашәарак инаҭароуп, ажәакала, акы дарԥеиԥеироуп!..

Мушьни Миқаиа иажәабжьқәа реизга аӡыргараан - Sputnik Аҧсны
Тур ихәы "иалиааз" арҿиара

Ахәда ныхшәа-аахшәо ацәацәашь,

Ацәаӡыӡ агәыҵыршо илашоит.

Ԥарԥалыкь шкәакәак, ԥаԥашьк,

Амцабз шкәакәа иахҟьашоит.

Аԥарԥалыкь амҵәыжәҩа еиҵнахуеит,

Амцаԥшь иакәшоит иааԥсаӡом.

Амцаԥшь аԥшӡара ихнахуеит,

Аԥарԥалыкь аԥсырҭа абаӡом.

Мушьни апоезиаҿы еиԥш, апрозаҿгьы алагала бзиа ҟаиҵахьан. Уи даныҷкәыназ иҭижьхьаз иажәабжьқәа реизга, ишәҟәы "Аԥслымӡ шаха" анаҩс, даара акыраамҭа, гәырхаагас иаанижьызшәа, апроза дазхьаԥшӡомызт. Аха аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыҩнуҵҟа ииҩыз ироманқәа "Ахҟеи" "Ашацәа ртәарҭеи" иудырбоит, апоет ишиҭаху "дыӡсарц" азы, ипоезиа шӡыӷӷараз, иҵегьы иҵаулоу, иҭбаау, аҽҟьарҭа рацәаны иахьоушаз, идууз ҩымҭақәак аԥимҵар ада ԥсыхәа шимамыз. Насгьы, иара дызлаԥшыз, иибаз, ихигаз дунеи ҭбаак, ҩымҭа дук иҭеигӡарц азы, уи имаз ибаҩхатәреи, ибзиаӡаны иидыруа иаԥсшәеи игәаӷьны уи абӷацамкыра дкыдыргалеит!

© Фото : Мушьни Миқаиа иархив аҟынтә иаагоупМушьни Миқаиа гәыԥҩык аԥсуа интеллигенциа рыбжьара.
Ахьы зҿыҵышәшәоз ашлақәа ирхылҵыз: Мушьни Миқаиа игәалашәара - Sputnik Аҧсны
Мушьни Миқаиа гәыԥҩык аԥсуа интеллигенциа рыбжьара.

Абар уи раԥхьатәи ироман "Ахҟа" аԥхьажәаҿы иара автор ихаҭа ишиҩуа: "Схәыҷра инаркны сышлара ашҭа сынҭалаанӡа, иахьагьы-уахагьы срылагылан ҳхәаҿы имҩаԥысуаз ажәытәӡатәи аԥсуа қьабзқәа. Аԥсрақәа, аԥсхәрақәа, аиныхрақәа, аимҭахарақәа шымҩаԥыргози, ирымҩаԥгашьази. Ҽеила сырхаанын аҩ-жәлантәык аиӷара бааԥс зыбжьаз еинраалашьа формақәас ирымаз, еинзраалоз абыргцәа. Издыруан, избахьан ашьԥса ахәԥҳа дшылырхуаз. Издыруан, абра избахьан анышәынҭра ишасасуаз, изасасуаз. Издыруан урҭ рымҩаԥгашьа апроцесс шыҟаз. Избахьан, исаҳахьан ахҟа зыбжьаз аиӷацәа еинзраалоз абыргцәа рдоуарақәа, рцәажәашьҭыбжьқәа. Исаҳахьан ашьанҵа еиҩызхуаз, ахаҳә зыршәҭуаз ашлақәа ражәа еихырҿиаақәа".

Асеиԥш аԥсҭазаара ду иагәылиааз, иагәылагылаз апоет данҩыҵшәа инаркны ибеит, илымҳала иаҳаит зеиӷьаҭамыз ажәабжьҳәаҩцәа дуқәа, урҭ дшырзыӡырҩуаз, рлакә хаақәа игәы ишықәыҩуаз иршон, ирхәлон, уи еиҳаз насыԥ абаҟаз арҿиаҩы изы! Насгьы, дара ҳажәларгьы, инеимда-ааимдо иааргоз рҳәамҭақәа, рфольклор, иара иҳәалоит еиԥш, ишеибгаз иҟан, ашәҟәқәа ирнырҵахьаз маҷын. Уи абеиара, уи асаранџь иалиааит усҟантәи абиԥарагьы. Убри азоуп, Мушьни Миқаиа ироманқәа уанрыԥхьо, аԥсуа қыҭацқьак агәҭа угылоушәа, уи агәырӷьеи агәырҩеи зегьы, уара иугәырӷьароушәа, иугәырҩоушәа, узхара иузымбо, иузааигәоу, иуцииз, иуцзызҳаз ахаҿсахьақәа ааукәыршан изубо, иааугәыдыҳәҳәалан, аӡәаӡәала гәыблыла игәыдукыларцгьы зуҭаххо... Избанзар, автор иажәа агәра угоит, ихшыҩҵак узааигәоуп, иидеиа уархәыцуеит, угәы шьҭнахуеит...

Мушьни Миқаиа дреиуан ҳаԥсуа литература збызшәа ацқьарала изырбеиаз, инагоу ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа. Изакәытә насыԥыз, уи ихьымӡацыз, изымӡырҩыцыз ҳаԥсуа ҿар рзыҳәан, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы ааԥхьара наиҭан, аашәҩык зкуа азал ду аҿы иавтортә хәылԥазы еиҿкаазҭгьы! Уи иажәеинраалақәа рнаҩсгьы, убриаҟара жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа қьаадбӷьыцк дахәамԥшӡакәа ирзеиҭеиҳәарын, иршанхарын, убриаҟара дџьаршьарын, агәра ргарын ҳжәытәуаа дуқәа ахшыҩҭра бзиақәа шрымаз, иахьагьы ишрымоу... Мушьни Миқаиа еизган имаз афольклортә нҵамҭақәа мышкызны "ихәшәхоит!". Акызаҵәык, ҳгәы ҳзырхьуа, уи иҩыза ауаҩы иацы дышҳалагылаз зызгәамҭоз, ԥсгаха-ԥсшьаха имҭакәа ҳфольклористцәа ахьиҿымцәажәоз, ҵыхәаԥҵәара змаӡамкәа иидыруа ахьанырымҵоз, ибжьы ахьеиқәдмырхоз ауп... Уи уаҵәы ахьы иаԥсахоит!

Мушьни Миқаиа иҩымҭақәа рыҟны ажәабжьқәа ҵакыла еиԥшызаргьы, дасу, изҳәази, ишиҳәази, иахьиҳәази, абызшәа аҷыдареи азгәаҭаны иҩҩуп. Афото аҟны: Мушьни Миқаиа ашәҟәыҩҩцәа рыгәҭа.
Ахьы зҿыҵышәшәоз ашлақәа ирхылҵыз: Мушьни Миқаиа игәалашәара - Sputnik Аҧсны
Мушьни Миқаиа иҩымҭақәа рыҟны ажәабжьқәа ҵакыла еиԥшызаргьы, дасу, изҳәази, ишиҳәази, иахьиҳәази, абызшәа аҷыдареи азгәаҭаны иҩҩуп. Афото аҟны: Мушьни Миқаиа ашәҟәыҩҩцәа рыгәҭа.

Ҳҩыза ду, ҳашьеиҳаб Мушьни Ирод-иԥа, акыршықәса аԥхӡы ахькеиҭәоз ахәышҭаара ду аредакциа "Алашареи" аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи гәык-ԥсык ала бзиа дырбон! Уи иажәа ҳара ҳзы акраҵанакуеит, иаҳҭахуп есымшагьы иҳацзарц! Иара амҩа иаша зирбаз, еиҵаиааӡаз, ажәа ԥшӡа, ажәа бзиа агәбылра зиркыз аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ирҭахуп ԥсра-ӡра зқәым иҩымҭақәа рыла ирааӡаларц уаҵәы еиҵагыло ҳҿар, иажәа цҳаны, маакыраны ҿыц аҩра иалаго уаҵәтәи ахьыбҿар ирзыҟаларц! Апоет изы зегьы иреиҳау анасыԥ – ҳаԥсуа литература "ажәҩан", иара иеҵәаџьаа есымша икаххаа икыдзааит!

Аӡәгьы имражәыц адунеи,

Саргьы уаҵәынӡа сықәуп.

Ахҭа аҟынӡа сҿахәы сҳәеит,

Убри храҭахьгьы исыцуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0