Бжьаниа Иусбарҭа: Ахра Аҩӡба Аԥсны ахада ицхырааҩыс дшыҟац дыҟоуп

© Sputnik Администрация президента
Администрация президента - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2021
Анапаҵаҩра
Агәыԥ "Пятнашка" акомандир, хәажәкыра 4 рзы иаанкылаз Ахра Аҩӡба Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩыс дыҟан жәларбжьаратәи аимадарақәа рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 10 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ахра Аҩӡба Аԥсны ахада ицхырааҩыс ахада Иусбарҭа аштат аҿы дшыҟац дыҟоуп ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит ахада Иусбарҭа апресс-маҵзураҿы.

"Аха, ашьаус ахацыркра инадҳәаланы ахада иара истатус аганахьала аӡбамҭа идикылоит", - ҳәа рҳәеит апресс-маҵзураҿы.

Агәыԥ "Пятнашка" акомандир, Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡба даанкылан хәажәкыра 4 рзы. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа хәажәкыра 4 рзы Ахра Аҩӡба дахьынхоз аҩнаҟны иаадырԥшит иҵәахыз абџьар, аџьаԥҳаны, ахархәага ҷыдақәа, арадиодырраҭара мҩаԥызго ашьақәгылақәа. Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аоперативтә информациала Ахра Аҩӡбеи дзыхьчоз хәҩык иҩызцәеи Аԥсны аҳәынҭқарратә мчра аиҭакра аҽазышәара рыгәҭакын ҳәа адырра ҟарҵеит.

Заседание Координационного штаба по защите населения от коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2021
Аԥсны АШәМ: Аҩӡба дзыхьчоз иҩызцәеи аҳәынҭқарратә мчра аиҭакра аҽазышәара рыгәҭакын

Хәажәкыра 7 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ахра Аҩӡбеи ихьчаҩцәа: Талех Гасанов, Аслана Гуатижев, Андреи Локтионов, Станислав Культа мызкы ҭакрала ирхыргарц аӡбамҭа аднакылеит.

Владимир Шьербаков, административтә зинеилагара мҩаԥигеит ҳәа даанкылоуп хәажәкыра 9-нӡа.

Аӡбарҭатә еилатәараан Ахра Аҩӡба иазгәеиҭеит ахада ицхырааҩыс дахьыҟаз аҟынтә ихы дақәиҭтәызарц арзаҳал насышьҭхьан ҳәа.

Ахра Аҩӡба идукат Инга Габилаиаԥҳа Аҟәатәи ақалатә ӡбарҭа азыӡба дахашшарц лыгәҭакуп Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0