Акриптоферма ду аарԥшуп Очамчыра араион Аҽгәара ақыҭан

© Sputnik Рейд по отключению майнинг ферм в очамчырском р-не
Рейд по отключению майнинг ферм в очамчырском р-не - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны иахьаҵанакуа 2021 шықәса рашәара 1 аҟынӡа акриптовалиута арҳара азин аанкылоуп, ахархәагақәа атәылахь ралагаларагьы ҟалом.

АҞӘА, хәажәкыра 11 - Sputnik. Аԥсны ААР аусзуҩцәа акриптоферма ду аадырԥшит Очамчыра араион Аҽгәара ақыҭан ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

Акриптоферма уаҩ дзыҩнамыз хатәы ҩнык аҿы ирыԥшааит агәаҭарақәа рымҩаԥгараан. Амаининг-аппаратқәа актәи аихагылаҿы игылан, аҩбатәи аихагылагьы рықәыргылара иазырхиан.

Зынӡа 471 аппарат ыҟан. Амилициа аферма фымцалашарала еиқәзыршәоз атрансформатор аҿырхит, амҳәыр аадырхеит.

Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2021
Аԥсны ААР мчыбжьык аҩнуҵҟала 230 маининг-аппарат аҿырхит

Аԥсны ААР аҿы ирҳәеит аҳҭнықалақь аҿы аусбарҭақәа ртехникатә хыбрақәа, аҩнеихагылақәа, агаражқәа, ахатә ргыларақәа рҿы аимдарақәа шымҩаԥырго.

Адырраҭараҿы иазгәарҭеит Гагра араион аҿы уаанӡа иаҿыхыз аобиектқәа рҿы еилагара ыҟам ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0