АҞӘА, хәажәкыра 18 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб акоронавирустә инфекциаҟынтәи аҽыхәышәтәра данахыс ашьҭахь Москватәи аклиникатә центр аҟнытә дылырҩааит, абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп, аԥыза-министр ԥыҭраамҭак шиҭаху аиҭашьақәгыларазы. Егьыс чымазара ҳәа акгьы идбалам.
Александр Анқәаб акоронавирустә инфекциаҟынтәи иҽихәышәтәуеит москватәи аклиникақәа руак аҟны. Жәабран 15 рзы адырра ҟаҵан иара аинтенсивтә терапиа апалатаҟынтә астационар ахь диаргеит ареабилитациатә курс амҩаԥгаразы.
Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб акоронавирус ицәа ишалаз аарԥшын ԥхынҷкәын 30 рзы, ажьырныҳәа 5 рзы иара Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Хымш рышьҭахь иӡбан иара ихәышәтәра Москва иациҵарц азы.
2020 шықәса ажьырныҳәа 8 рзы Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Урыстәыла ФМБА Афедералтә ҭҵаарадырра-клиникатә центр ахь диаган акоронавирустә инфекциеи ҩ-ганктәи аполисегментартә гәаҵәкреи иманы. Иԥсыԥлагаҩагара уадаҩын, уи адагьы ахәышәтә гепатит аҟазшьақәа идбалан. Аселективтә плазмофильтрациа изун.
Ажьырныҳәа 17 рзы Александр Анқәаб иԥсабаратәымкәа арԥҳақәа аҳауарҭарсга (ИВЛ) изышьақәыргылан. Ажьырныҳәа 25 рзы иара иҭагылазаашьа еиӷьхеит.
Аамҭала аԥыза-министр инапынҵақәа наигӡоит Владимир Делба.