Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалахәыз ирызку 10 000 рҟынӡа документ ацифрахь ииаргеит

© SputnikМузей Боевой славы
Музей Боевой славы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахьӡ-аԥша амузеи аҿы Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалахәыз – Аԥсны иалҵыз ирызку адыррақәа реизгара иаҿуп.

АҞӘА, хәажәкыра 19 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду алахәылацәа ирызку 10 000 рҟынӡа документ ацифрахь ииаргеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҿы ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит амузеи адиректор лхаҭыԥуаҩ Николаи Медвенски.

Ветераны Великой Отечественной войны на церемонии возложения цветов около Вечного огня в парке Победы во время празднования Дня Победы в Ереване - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2021
"Сара сеибашьра": Аԥснынтәи Аибашьра Ду аветеранцәа злахәу афильм ҭыҵит

"Зегьы иаадыруеит Аԥснынтәи аибашьра амҩа ишықәлаз 55,5 нызқьҩык рҟынӡа. Официалла рышьҭахьҟа изымгьыжьит, 17,5 нызқьҩык, ҳара ҳдыррақәа рыла иҵагьы еиҳауп. Шықәсқәак раԥхьа аҳәара ҟаҳҵеит Аибашьра ду иалахәыз ирызку адыррақәа, афотосахьақәа ҳзеизыргарц. Иахьазы еизгоуп жәанызқь инареиҳаны документ", - ҳәа иҳәеит иара.

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи адыррақәа рбаза аиҿкаара иалагеит 2017 шықәса рзы. Николаи Медвенски аҳәара ҟаиҵеит Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз ргәакьацәа рахь аелектронтә информациа ма икьыԥхьу адокументқәа амузеи ахь инаргарц.

Медвенски иҳәеит амузеи аусзуҩцәагьы аинформациа аизгараҿы ауаа ацхыраара шрырҭо.

"Иҟоуп иҳадҵаало, иҭахаз рганахьала информациак рзыҳаԥшаарц. Иҳалшо ҟаҳҵоит. Ҳазгәдууп аӡәы ҳазихәаргьы. Убас, Гәдоуҭа араион аҟынтәи аҭаацәа рыуа 1942 шықәса рзы дҭахеит ҳәа иҟан. Иара дхәын, иҭахаз рсиа дарбан, аха иԥсы еиқәхеит. Аиҭах аибашьра дцеит. 1945 шықәса мшаԥымзазы Германиа дҭахеит", - иҳәеит иара.

Закан Нанба - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2020
Хра злоу ахҭысқәа: Нанба Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа ирызкны

Амузеии Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адыррақәа рбанк "Мемориали" аус еицыруеит.

"Дареи ҳареи адыррақәа еимаадоит. "Мемориал" адыррақәа рбазаҿы иҟоуп 40 миллион архивтә документқәа рылҩаақәа. Урҭ рҟынтәи 20 миллион иҭахази хабарда ибжьаӡызи ирызку адокументқәа ирыхкьыԥхьаауп, Урыстәыла атәылахьчара аминистрра архив хада, Аҳәынҭқарратә арра-ҭоурыхтә архив, егьырҭ арегионалтә архивқәа рҟынтәи 50 нызқь рҟынӡа документ ыҟоуп. Асовет аамҭази уи ашьҭахьи имҩаԥгаз агәалашәара ашәҟәқәа ранҵамҭақәа рҟынтәи 11 миллион ҭаҩра", - ҳәа иҳәеит Медвенски.

"Мемориал" аусура хацыркырн 2003 шықәсазы. Медвенски иажәақәа рыла, Урыстәыла Арбџьармчқәа рырра-мемориалтә центр ари аамҭа иалагӡаны аусура дуӡӡа мҩаԥнагеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0