https://sputnik-abkhazia.info/20261104/1066749552.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба Владимир Путини Урыстәыла ауааԥсыреи Жәлар ракзаара амш рыдиныҳәалеит."Ари аныҳәа урыстәылатәи ауаажәларра реидгылара, амилаҭтә акзаара амч... 04.11.2026, Sputnik Аҧсны
2026-11-04T13:01+0300
2026-11-04T13:01+0300
2026-11-04T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/04/1066749386_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_405d4ef2af5bcfac33388b1f1ba9b565.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба Владимир Путини Урыстәыла ауааԥсыреи Жәлар ракзаара амш рыдиныҳәалеит."Ари аныҳәа урыстәылатәи ауаажәларра реидгылара, амилаҭтә акзаара амч, аҭоурыхтә традициақәа ршьҭрамадара, Аԥсадгьыл алахьынҵазы азеиԥш ҭакԥхықәра иасимволуп", — ҳәа аҳәоит Аԥсны ахада иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.Иахьа Урыстәыла аекономикатәи аҭҵаарадырра-техникатәи лшарақәа арӷәӷәоит, амилаҭтә интересқәа ирыдгылоит, ииашоу адунеиеиҿкаара шьақәнаргылоит ҳәа азгәеиҭеит атәыла ахада.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ареспублика ашколхәыҷқәа рыбжьара аурыс бызшәеи алитературеи рыҭҵаараҿы аихьӡарақәа рзы аԥхьахә рыланаҳәеит .Ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков ителеграм-канал аҿы Урыстәыла ауааԥсыра Жәлар ракзаара амш рыдиныҳәалеит. Гладков иазгәеиҭеит 80% инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра урыстәылатәи атәылауаҩра шрымоу, агәрагара ааирԥшит аԥхьахә ҿыц ахәыҷқәа аҵараҿы реихьӡарақәа рзы ишгәацԥыҳәароу.Ареспублика араионқәа зегьы рҟынтәи аиааира згази, урҭ рҭаацәеи, рырҵаҩцәеи аҳамҭақәа ранаршьоит лаҵара 9 рзы Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭаҿы.
Хәышықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны зегь раасҭа аҭаацәара иалалеит 2022 шықәсазы.Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр адыррақәа рыла, АҬАР-қәа рҟны ашәҟәы рыҽҭаргылеит 810-ҩык. Еиҳа имаҷны аҭаацәара иалалеит 2025 шықәсазы — 622-ҩык.Иалкаахеит 2023 шықәса: еибагази еилыҵызи 642 ҭаацәара.Аилыҵрақәа еиҳа-еиҳа изыхҟьо асоциалтә факторқәа роуп ҳәа азгәалҭеит Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Амра Цәышԥҳа.
Аҩадатәи Ешыра ақыҭан амашьына ааҳәит.Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Аслан Базба Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, зықәрахь инеихьоу, амашьына аԥсҟы зкыз ахаҵа, амҩа бааӡаҿы аԥсҟы имч ақәымхеит, ацаҟьа данааха, амашьына хнаршәҭит.Аныҟәцаҩгьы, егьырҭ амашьына иҭаз ауааԥсырагьы ԥырхага рмоуӡеит.Апрофильтә маҵзурақәа хара имгакәа атранспорт амҩа ианыргеит.
Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 709 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.Адронқәа ҭархан Орловтәи, Воронежтәи, Саратовтәи, Самаратәи, Ростовтәи уҳәа аобластқәа 11 рҿы.Иара убасгьы, аппаратқәа карыжьит Краснодартәи атәылаҿацә, Москватәи арегион, Ҟрым, Адыгеиа, Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни рқәыԥшылараҿы.
Бадра Гәынба Владимир Путини Урыстәыла ауааԥсыреи Жәлар ракзаара амш рыдиныҳәалеит."Ари аныҳәа урыстәылатәи ауаажәларра реидгылара, амилаҭтә акзаара амч, аҭоурыхтә традициақәа ршьҭрамадара, Аԥсадгьыл алахьынҵазы азеиԥш ҭакԥхықәра иасимволуп", — ҳәа аҳәоит Аԥсны ахада иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.Иахьа Урыстәыла аекономикатәи аҭҵаарадырра-техникатәи лшарақәа арӷәӷәоит, амилаҭтә интересқәа ирыдгылоит, ииашоу адунеиеиҿкаара шьақәнаргылоит ҳәа азгәеиҭеит атәыла ахада.Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ареспублика ашколхәыҷқәа рыбжьара аурыс бызшәеи алитературеи рыҭҵаараҿы аихьӡарақәа рзы аԥхьахә рыланаҳәеит .Ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков ителеграм-канал аҿы Урыстәыла ауааԥсыра Жәлар ракзаара амш рыдиныҳәалеит. Гладков иазгәеиҭеит 80% инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра урыстәылатәи атәылауаҩра шрымоу, агәрагара ааирԥшит аԥхьахә ҿыц ахәыҷқәа аҵараҿы реихьӡарақәа рзы ишгәацԥыҳәароу.Ареспублика араионқәа зегьы рҟынтәи аиааира згази, урҭ рҭаацәеи, рырҵаҩцәеи аҳамҭақәа ранаршьоит лаҵара 9 рзы Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭаҿы.Хәышықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны зегь раасҭа аҭаацәара иалалеит 2022 шықәсазы.Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр адыррақәа рыла, АҬАР-қәа рҟны ашәҟәы рыҽҭаргылеит 810-ҩык. Еиҳа имаҷны аҭаацәара иалалеит 2025 шықәсазы — 622-ҩык.Иалкаахеит 2023 шықәса: еибагази еилыҵызи 642 ҭаацәара.Аилыҵрақәа еиҳа-еиҳа изыхҟьо асоциалтә факторқәа роуп ҳәа азгәалҭеит Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Амра Цәышԥҳа.Аҩадатәи Ешыра ақыҭан амашьына ааҳәит.Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Аслан Базба Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, зықәрахь инеихьоу, амашьына аԥсҟы зкыз ахаҵа, амҩа бааӡаҿы аԥсҟы имч ақәымхеит, ацаҟьа данааха, амашьына хнаршәҭит.Аныҟәцаҩгьы, егьырҭ амашьына иҭаз ауааԥсырагьы ԥырхага рмоуӡеит.Апрофильтә маҵзурақәа хара имгакәа атранспорт амҩа ианыргеит.Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 709 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.Адронқәа ҭархан Орловтәи, Воронежтәи, Саратовтәи, Самаратәи, Ростовтәи уҳәа аобластқәа 11 рҿы.Иара убасгьы, аппаратқәа карыжьит Краснодартәи атәылаҿацә, Москватәи арегион, Ҟрым, Адыгеиа, Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни рқәыԥшылараҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/04/1066749386_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_9758fe69bd450a59bc18d12416a44ba2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио