https://sputnik-abkhazia.info/20261104/1066750998.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба Владимир Путини Урыстәыла ауааԥсыреи Жәлар ракзаара амш рыдиныҳәалеит."Ари аныҳәа урыстәылатәи ауаажәларра реидгылара, амилаҭтә акзаара амч... 04.11.2026, Sputnik Аҧсны
2026-11-04T13:30+0300
2026-11-04T13:30+0300
2026-11-04T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/04/1066750832_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_838e737b82a706017dbafbb7ae75d7f4.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба Владимир Путини Урыстәыла ауааԥсыреи Жәлар ракзаара амш рыдиныҳәалеит."Ари аныҳәа урыстәылатәи ауаажәларра реидгылара, амилаҭтә акзаара амч, аҭоурыхтә традициақәа ршьҭрамадара, Аԥсадгьыл алахьынҵазы азеиԥш ҭакԥхықәра иасимволуп", — ҳәа аҳәоит Аԥсны ахада иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.Иахьа Урыстәыла аекономикатәи аҭҵаарадырра-техникатәи лшарақәа арӷәӷәоит, амилаҭтә интересқәа ирыдгылоит, ииашоу адунеиеиҿкаара шьақәнаргылоит ҳәа азгәеиҭеит атәыла ахада.
Аԥсны ахада ацитрустә шәырқәа рекспорт азы аилацәажәара мҩаԥигеит ҳәа адырра ҟанаҵеит ахада ипресс-маҵзура. Гәынба иҳәеит 2025-2026 шықәсқәа рызтәи асезон азы атәыла анапхгара иқәдыргылоз ауснагӡатәқәа апрофильтә маҵзурақәа зегьы оперативла ишырыӡбоз."Раԥхьа иргыланы уи шықәсынаҟьак амандарина аазрыхуа, аматериалтә лшарақәа роура аҳасабала ахашәалахәы иазыԥшу анхацәа рџьабаа ауп", ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада. Ҷыдала иҳәеит иахәҭоу аусшәҟәқәа реиқәыршәара аамҭа маҷны иаҭахны иҟазар шахәҭоу ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҭира знапы алаку атәылауаа сааҭла аҳәаахьчаратәи аҳазалхратәи процедурақәа рхысра иазыԥшымзарц азы
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ареспублика ашколхәыҷқәа рыбжьара аурыс бызшәеи алитературеи рыҭҵаараҿы аихьӡарақәа рзы аԥхьахә рыланаҳәеит .Ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков ителеграм-канал аҿы Урыстәыла ауааԥсыра Жәлар ракзаара амш рыдиныҳәалеит. Гладков иазгәеиҭеит 80% инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра урыстәылатәи атәылауаҩра шрымоу, агәрагара ааирԥшит аԥхьахә ҿыц ахәыҷқәа аҵараҿы реихьӡарақәа рзы ишгәацԥыҳәароу.Ареспублика араионқәа зегьы рҟынтәи аиааира згази, урҭ рҭаацәеи, рырҵаҩцәеи аҳамҭақәа ранаршьоит лаҵара 9 рзы Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭаҿы.
Хәышықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны зегь раасҭа аҭаацәара иалалеит 2022 шықәсазы.Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр адыррақәа рыла, АҬАР-қәа рҟны ашәҟәы рыҽҭаргылеит 810-ҩык. Еиҳа имаҷны аҭаацәара иалалеит 2025 шықәсазы — 622-ҩык.Иалкаахеит 2023 шықәса: еибагази еилыҵызи 642 ҭаацәара.Аилыҵрақәа еиҳа-еиҳа изыхҟьо асоциалтә факторқәа роуп ҳәа азгәалҭеит Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Амра Цәышԥҳа.
Едгар Абыхәба иганахь ала ашьаус хацыркуп, 2025 шықәса цәыббрамзазы Беларуссиа атәылауаҩ лцәа аԥҽра аҽазышәаразы ҳәа аанацҳаит Аԥсны Апрокуратура Хада.Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Абыхәба Гагра асасааирҭақәа руак иацәыхарамкәа, амшын аҟәараҿы зыԥсы зшьоз Петришьче зыжәлаз аӡәы лцәа ԥиҽырц иҽазишәеит. Диршәеит дшишьуа азы длықәмақаруа, маха-шьахала ақәымчра ихы иаирхәеит. Усҟан уи аԥҳәыс ацхыраара даҳәаны абналара лыллыршеит.Абыхәба убасгьы Амина Бикбова лышьра аус азгьы иус ҭырҵаауеит, дҭакуп.Ашьауӷатә усқәа рыҩбагьы еидкылахоит.
Бадра Гәынба Владимир Путини Урыстәыла ауааԥсыреи Жәлар ракзаара амш рыдиныҳәалеит."Ари аныҳәа урыстәылатәи ауаажәларра реидгылара, амилаҭтә акзаара амч, аҭоурыхтә традициақәа ршьҭрамадара, Аԥсадгьыл алахьынҵазы азеиԥш ҭакԥхықәра иасимволуп", — ҳәа аҳәоит Аԥсны ахада иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.Иахьа Урыстәыла аекономикатәи аҭҵаарадырра-техникатәи лшарақәа арӷәӷәоит, амилаҭтә интересқәа ирыдгылоит, ииашоу адунеиеиҿкаара шьақәнаргылоит ҳәа азгәеиҭеит атәыла ахада.Аԥсны ахада ацитрустә шәырқәа рекспорт азы аилацәажәара мҩаԥигеит ҳәа адырра ҟанаҵеит ахада ипресс-маҵзура. Гәынба иҳәеит 2025-2026 шықәсқәа рызтәи асезон азы атәыла анапхгара иқәдыргылоз ауснагӡатәқәа апрофильтә маҵзурақәа зегьы оперативла ишырыӡбоз."Раԥхьа иргыланы уи шықәсынаҟьак амандарина аазрыхуа, аматериалтә лшарақәа роура аҳасабала ахашәалахәы иазыԥшу анхацәа рџьабаа ауп", ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада. Ҷыдала иҳәеит иахәҭоу аусшәҟәқәа реиқәыршәара аамҭа маҷны иаҭахны иҟазар шахәҭоу ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҭира знапы алаку атәылауаа сааҭла аҳәаахьчаратәи аҳазалхратәи процедурақәа рхысра иазыԥшымзарц азы Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ареспублика ашколхәыҷқәа рыбжьара аурыс бызшәеи алитературеи рыҭҵаараҿы аихьӡарақәа рзы аԥхьахә рыланаҳәеит .Ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков ителеграм-канал аҿы Урыстәыла ауааԥсыра Жәлар ракзаара амш рыдиныҳәалеит. Гладков иазгәеиҭеит 80% инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра урыстәылатәи атәылауаҩра шрымоу, агәрагара ааирԥшит аԥхьахә ҿыц ахәыҷқәа аҵараҿы реихьӡарақәа рзы ишгәацԥыҳәароу.Ареспублика араионқәа зегьы рҟынтәи аиааира згази, урҭ рҭаацәеи, рырҵаҩцәеи аҳамҭақәа ранаршьоит лаҵара 9 рзы Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭаҿы.Хәышықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны зегь раасҭа аҭаацәара иалалеит 2022 шықәсазы.Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр адыррақәа рыла, АҬАР-қәа рҟны ашәҟәы рыҽҭаргылеит 810-ҩык. Еиҳа имаҷны аҭаацәара иалалеит 2025 шықәсазы — 622-ҩык.Иалкаахеит 2023 шықәса: еибагази еилыҵызи 642 ҭаацәара.Аилыҵрақәа еиҳа-еиҳа изыхҟьо асоциалтә факторқәа роуп ҳәа азгәалҭеит Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Амра Цәышԥҳа.Едгар Абыхәба иганахь ала ашьаус хацыркуп, 2025 шықәса цәыббрамзазы Беларуссиа атәылауаҩ лцәа аԥҽра аҽазышәаразы ҳәа аанацҳаит Аԥсны Апрокуратура Хада.Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Абыхәба Гагра асасааирҭақәа руак иацәыхарамкәа, амшын аҟәараҿы зыԥсы зшьоз Петришьче зыжәлаз аӡәы лцәа ԥиҽырц иҽазишәеит. Диршәеит дшишьуа азы длықәмақаруа, маха-шьахала ақәымчра ихы иаирхәеит. Усҟан уи аԥҳәыс ацхыраара даҳәаны абналара лыллыршеит.Абыхәба убасгьы Амина Бикбова лышьра аус азгьы иус ҭырҵаауеит, дҭакуп.Ашьауӷатә усқәа рыҩбагьы еидкылахоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/04/1066750832_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_5a9c68695565529e09a0b9e498ada5a9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио