Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҳәаанырцәтә машьынақәа ралагаларазы изакәанымкәа асхема еиҿкаан

© Sputnik / Марианна Кубрава Граница по реке Ингур
Граница по реке Ингур  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.03.2021
Анапаҵаҩра
Ахаҵа изакәанымкәа асхема еиҿикааит Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҳәаанырцәтә машьынақәа ралагаларазы, анаҩс урҭ рыҭиразы.

АҞӘА, хәажәкыра 29 - Sputnik. Краснодартәи аҳазалхыҩцәа иаадырԥшит 3,5 миллион мааҭ аҳазатә шәара амҩаԥгара аҽацәхьакра ахҭыс. Абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхрҭаа апресс-маҵзура.

Аусҭҵаара адыррақәа рыла Ставропольтәи атәылаҿацә ауаҩԥсы изакәанымкәа асхема еиҿикааит Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҳәаанырцәтә машьынақәа ралагаларазы, анаҩс урҭ рыҭиразы.

Америкатәи аукционқәа рҿы акласс "мусклкаров" иаҵанакуа аспорттә автомашьынақәа ("Форд Мустанг", "Додж Чарджер", "Шевроле Камаро" у.е.) ааихәеит, Аԥсны ашәҟәы иҭеигалеит, нас ЕАЕС аҵакырахь ииеигеит жәларбжьаратәи амҩангаразы атранспорттә хархәагак аҳасаб ала.

Иара аахәаҩцәа ԥшааны, ЕАЕС аҵакыраҿы амашьынақәа алегалтәра иахижьуан аԥаршеи документқәа рышьаҭала, иагьиҭиуан аҳазалхратә шәарақәеи абаџьқәеи рыда.

ЕАЕС аҵакырахь аҳазалхратә шәарақәа мҩаԥымгакәа атранспорттә хархәага "Шевроле Камаро" алагаларазы Краснодартәи аҳазалхырҭа ашьаус хацнаркит.

Ажәабжьқәа зегьы
0