"Аԥараҭра цынхәра": Аԥсны Аҵәахырҭатә банк амаҵзура ҿыц аанартит

© SputnikСбербанк Абхазии
Сбербанк Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2021
Анапаҵаҩра
Амаҵзура "Аԥараҭра цынхәра" ала Аҵәахырҭатә банк аклиентцәа рԥарахсаалагаҿы аԥара нҵәазар, абанк аԥарақәа рыԥсахыр ҟалоит.

АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк "Аԥараҭра цынхәра" захьӡу амаҵзура ҿыц аанартит хәажәкыра 31 инаркны. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит абанк аҳасабеилыргаҩ хада Давид Гәылариа.

Амаҵзура рхы иадырхәар ҟалоит 21 шықәса иреиҵбым, 70 шықәса иреиҳабым. Аԥараԥсахразы абанк аклиент абанк аҟәшаҿы арзаҳал иҩыроуп. Аҵәахырҭатә банк аҳасабеилыргаҩ хада иажәақәа рыла, абанк аҿы иаразнакы ирыԥхьаӡоит ауаҩы заҟа иҭара алшо. Арзаҳал аҭак ҟаҵахоит аҩбатәи амш азы.

"Аԥара абанк адебиттә ԥара-хсаалагахь инарышьҭуеит. Аԥсахратә лимит абанк аҟазауаа ишьақәдыргылоит. Иреҳау – 30 000 мааҭ итәоит. Ҳара еилҳаргоит аклиент илагалақәа, иара еиԥмырҟьаӡакәа ҳбанк ихы иаирхәозар, амаҵзура изааҳартуеит", - иҳәоит Гәылариа.

УВД ГАИ - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2021
Аӡбарҭатә уснагӡаҩцәа Аԥсны Аҵәахбанк ашшыԥхьыӡ ала аԥшәма автомашьына имырхит

Хә-нызқь мааҭ рҟынӡа зго есыҽны жә-мааҭк акомиссиа ишәоит, 5-10 нызқь мааҭ зго – 19 мааҭ, 10-20 нызқь мааҭ зго – 39 мааҭ ишәалоит есыҽны, 20-30 нызқь мааҭ зго – икомиссиа 59 мааҭ ҟалоит.

"Ауаҩы иоуз алимит иҭагӡаны хә-нызқь мааҭ нихзар, есыҽны жәба-жәба мааҭ ишәалоит иуал хаирҭәаанӡа", - ҳәа иҳәоит Гәылариа.

Амаҵзура аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥараԥсахра хышықәса ҿҳәараны иузымҩаԥыргоит. Аха изҭаху изы уи заа ишәахар ҟалоит. Иҟалоит аклиент абанк ахь днеины иуал ишәар, иҟалоит аулафахәы аниоуа абанк ари ауал аулафахәы иахнахыр.

Амаҵзура актәи амш азы абанк ахь иара ахархәаразы идҵаалеит ҩеижәаҩык аклиентцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0