Афымцамчхара адефицит иахҟьаны Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара дырцәалоит

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЭнергетические объекты
Энергетические объекты   - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.04.2021
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 6 рзы авольтҳарак цәаҳәақәа "Гьачрыԥшь", "Кавкасиони" Урыстәыла аҵакыраҿы иҟалаз авариа иахҟьаны русура еиԥҟьеит, уи ашьҭахь Қырҭтәыла аҵакыраҿы авольтҳарак "Кавкасиони" авариа аҭыԥ иқәҵан, аха арезерв ҳасабла аус ауеит.

АҞӘА, мшаԥы 8 – Sputnik. Афымцамчхара ҩ-миллионк мегаватт-сааҭ адефицит иахҟьаны Аԥсны афымцалашара ес х-сааҭки х-сааҭки рыбжьара сааҭк-сааҭк ишдырцәац идырцәалоит, ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".

Аԥсны Урыстәылантә алашара аиура иалагеит ԥхынҷкәын 11 рзы, ус иҟазаауеит, иахьазы аремонт усурақәа ахьымҩаԥысуа ЕгрыГЕС ахархәарахь ирыҭахаанӡа.

Мшаԥы 6 рзы Аԥсны авольтҳарак цәаҳәақәа "Гьачрыԥшь", "Кавкасиони" рҟны иҟалаз авариа иахҟьаны алашара аиура аԥкыра аларгалеит Аԥсны. АҲ "Гьачрыԥшь" авариа ҟалеит мшаԥы 5 рзы Урыстәыла аҵакыраҿы. Авольтҳарак цәаҳәа "Кавкасиони" ааха аиуит илеиз асыԥса иахҟьаны, Қырҭтәыла аҵакыраҿы мшаԥы 6 рзы. Иазгәаҭан, арҭ авариақәа ирыхҟьаны ареспублика аенергосистемаҿ 100 мегаваттк адефицит ҟалеит ҳәа. 

Мшаԥы 7 рзы авольтҳарак цәаҳәа "Гьачрыԥшь" авариа аҭыԥ иқәҵан, иарала афымца дәықәҵан. Уи аҽны Қырҭтәыла аҵакыраҿы авольтҳарак "Кавкасиони" аԥхасҭа аԥыхын, аха уажәазы арезерв ҳасабла аус ауеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0