Аслан Бжьаниа Ростуризм ахаҭарнакцәа идикылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжьаниа Ростуризм ахаҭарнакцәа идикылеит
Аслан Бжьаниа Ростуризм ахаҭарнакцәа идикылеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥснытәии урыстәылатәии аҟазауаа ргәаанагарала 2021 шықәсазы атуристтә сезон қәҿиарала имҩаԥысуеит.

АҞӘА, мшаԥы 9 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа мшаԥы 8 рзы Ростуризм ахаҭарнакцәа идикылеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

"Урыстәылатәи атуристцәа рӷьырак ирҭахуп ара рыԥсы ршьарц. Аԥсны атуризм аминистрреи ҳара, урыстәылатәи атуристцәа рхаҭарнакцәеи иалшо зегь ҟаҳҵароуп ари ахықәказы", - иҳәеит Ростуризм Ауаажәларратә хеилак ахантәаҩы Дмитри Давыденко.

в г. Москве, состоялся круглый стол  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2021
Аинвестициақәеи аимиџьтә политикеи: Москва Аԥсны атуризм арҿиара иалацәажәеит

Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба иазгәеиҭеит лаҵарамзазы ишазыԥхьагәаҭо атуристтә форум Ростуризм Ауаажәларратә хеилак алархәны амҩаԥгара.

"Ахада иԥылараан ирылацәажәан урыстәылатәи атуристцәа рыԥгаԥса азҵаара. Сколлегацәеи сареи агәрагара ҳамоуп атуристтә сезон қәҿиарала имҩаԥысып ҳәа" - иҳәеит аминистр.

Урыстәылазегьтәи атуристцәа реидгыла анапхгара ахантәаҩы Роман Бобылевгьы иазиԥхьаӡоит 2021 шықәсазтәи асезон алшара дуқәа амоуп ҳәа.

"Урыстәылатәи атуристцәа Аԥсны рдыруеит, бзиа ирбоит. Ҳаинырра аҿиара амоуп. Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы атуристцәа аплиажтә ԥсшьара адагьы акультура-дырратә туризм аинтерес рука иалагеит. Ицәырҵуа иалагеит аԥсшьарамштә турқәа", - иҳәеит иара.

Урыстәылатәи атуристцәа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иазҳауеит. Уи угәы ҟанамҵар залшом ҳәа иҳәеит Бобылев. Убри аан урыстәылатәи аган амаҵзура ахаҭабзиара ашьҭыхра иақәгәыӷуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0