Аҟәа ахада аҳәамҭа ҟаиҵеит аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа ҭәуп ҳәа

© Foto / Администрация города Сухум Беслан Эшба: инфекционная больница переполнена
Беслан Эшба: инфекционная больница переполнена  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.04.2021
Анапаҵаҩра
Апандемиа аамҭазы Аҟәа акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 4938-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 4533-ҩык, иахьазы рыхәышәтәра иаҿуп 166 пациент.

АҞӘА, мшаԥы 10 - Sputnik. Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа акоронавирус зцәа иалоу апациентцәа рыла иҭәуп, иҳәеит Аҟәа ахада Беслан Ешба Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилатәараҿы. Абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.

Сдача анализов на коронавирус не выходя из машины  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.04.2021
Еилкаахеит ашықәс иалагӡаны Аҟәа шаҟа ковид-хҭыс азгәаҭаз

Ешба игәаанагарала, уи зыхҟьо егьырҭ араионқәа рҟынтәгьы Аҟәаҟа ҽыхәышәтәра иахьаауоуп.

"Ақалақь аҿы аҭагылазаашьа аҽаԥсахыр, ҳара ҳақалақьуаа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь рышьҭра ҳақәшәоит, избан акәзар аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа акоронавирус зцәа иалоу апациентцәа рыла иҭәуп. Арахь егьырҭ араионқәа рҟынтә Аҟәаҟа ҽыхәышәтәра иаауеит. Ари аҭагылазаашьа хылаԥшра аҭатәуп. Атәыла араионтә хәышәтәырҭақәа зегьы рҟны аиара-ҭыԥқәа еиҿкаауп, ахәшәқәеи аныхратә материалқәеи рыла еиқәшәоуп, аҳақьымцәа есымша ачымазцәеи дареи еимадоуп. Ақәыӷәӷәара Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа иаиуеит", - иҳәеит Ешба.

Хара имгакәа ари ахәышәтәырҭаҿы аҟәша-цҵа аремонт азуны иалгоит. Уа акоронавирус зыдбало стационарла ирхәышәтәуеит, иҳәеит Ешба.

Акоординациатә штаб иахәҭаны иаԥхьаӡоит антиковидтә ԥкрақәа рыҿҳәара иацҵазарц алаҵаҟаҵара иалагаанӡа. Алаҵаҟаҵара ианалаго арыцхә макьана ишьақәыргылаӡам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0