Аԥсуа-абаза диаспора рхаҭарнакцәа СПААУ хәыда-ԥсада иҭалар ҟалоит

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтуденты на лекции
Студенты на лекции - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2021
Анапаҵаҩра
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ацхыраара ҟанаҵоит адиаспора рхаҭарнакцәа Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә абнанхамҩатә университет (СПААУ) хәыда-ԥсада иҭаларазы.

АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. Аԥсуа-абаза диаспора рхаҭарнакцәа Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә абнанхамҩатә университет хәыда-ԥсада иҭалар ҟалоит. Абри атәы аанацҳауеит аконгресс асаит.

Ари аҩыза алшара ҟалеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси ауниверситети абҵарамза, 2020 шықәсазы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иабзоураны.

Иазгәаҭоуп, аҵараиурҭа иҭаларц зҭаху рзы ашәҟәқәа рыдкылара шхацыркыз хәажәкыра 1 инаркны. Абиуџьет ҭыԥқәа рахь иҭало рышәҟәқәа аларҵароуп ԥхынгәы 20-нӡа, латәарадатәи аҟәшахьы – нанҳәа 11-нӡа, амагистратурахь – нанҳәа 6-нӡа.

Арзаҳал азы абитуриентцәа абарҭ ашәҟәқәа еиқәыршәаны ирымазароуп: атәылауаҩшәҟәы ахкьыԥхьаа, аттестат (ахкьыԥхьаа ма аоригинал), 3×4 см иҟоу афотосахьақәа фба, аԥсуа-абаза жәлар дшырхаҭарнаку зыршаҳаҭуа аилыркаа, ма урыстәылатәи атәылауаҩра. Ашәҟәқәа рынашьҭра ауеит  ауниверситет асаит ахь.

Люди за работой - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2021
Аԥснытәи абитуриентцәа азанааҭ ҿыцқәа алырхыр рылшоит Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҟны

Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә абнанхамҩатә университет адкыларатә комиссиа аиҳабы Елена Богатова лажәақәа рыла, аԥышәарақәа мҩаԥгахоит ҩ-форматк рыла: адистанциатә ма хаҭала.

Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә абнанхамҩатә университети Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси ауниверситети аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит абҵарамзазы. 

СПААУ иҭаларц зҭаху Аԥснытәи, Ҭырқәтәылатәи абитуреинтцәа инарҭбаау аинформациазы иадҵаалар рылшоит Санкт-Петербург иҟоу АААК аофис, абри аелектронтә ҭыӡҭыԥ ала: info.spb@abaza.org, ма абри аҭел +7 812 514 88 55 ала.

Ажәабжьқәа зегьы
0