Путин акоронавирус аҽацәыхьчаразы атәыла аҳәаақәа ахылаԥшра рыҭатәуп иҳәеит

© Sputnik / Кирилл Брага / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота поликлиники в Волгограде
Работа поликлиники в Волгограде - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит акоронавирус аганахь ала аԥкырақәа ирықәныҟәаларц.

АҞӘА, мшаԥы 21 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин ковид аҽацәыхьчаразы, аларҵәара алмыршаразы атәыла аҳәаақәа ахылаԥшра рыҭатәуп ҳәа иҳәеит есышықәсатәи Афедералтә еизарахь инашьҭымҭаҿы.

"Ҳара иаабоит атәылақәа жәпакы рҿы аҭагылазаашьа ауадаҩра, аҿкыра шалаҵәо. Уажәы ихадоу усны иҟо атәыла аҳәаақәа хылаԥшра рыҭароуп", - иҳәеит Путин.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит урыстәылаа алшара шрыҭоу алаҵа аҟаҵаразы, ҭагалан азы аколлективтә иммунитет рыманы иҟаларц азы.

Мшаԥы 20 рзы Роспотребнадзор аҵакыратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа анапынҵа рнаҭеит аҳаиртә баӷәазақәа рҟны аҳәаанырцәуаа акоронавирус аҟынтә атестқәа рзыҟарҵаларц.

Уаанӡа Роспотребнадзор аԥҟара ҿыцқәа аланагалеит. Иаланагалаз аԥҟарақәа рыла, мшаԥы 15 инаркны Урыстәыла иалало ртәылауаа зегьы хымш рыҩнуҵҟа ПЦР-тестқәа арҭароуп, аҭак роуаанӡагьы аҽыԥхьакра арежим мҩаԥыргароуп, атест аҭак аҳәынҭқарратә маҵзурақәа иаку рпортал аҿы икьыԥхьтәуп. Лаҵара 1 ашьҭахь аҳәаанырцәынтә ихынҳәуа ҩынтә атест арҭароуп. Аҩбатәи атест аҭак аҳәынҭқарратә маҵзурақәа иаку рпортал аҿы икьыԥхьтәуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0