Ансамбль "Амцабз" Урыстәыла Атеатр ду асценаҿы иқәгылеит

© Foto / Instagram/Министерство культуры Абхазии "Амцабз" на сцене большого театра
Амцабз на сцене большого театра  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.04.2021
Анапаҵаҩра
2007 шықәса рзы иҭыхыз акинофильм "12" амотивқәа рыла Атеатр ду аҿы аспектакль ықәыргылан Никита Михалков 75 шықәса ихыҵра аҳаҭыраз.

АҞӘА, мшаԥы 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа хәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Амцабз" алахәхеит арежиссиор, актиор Никита Михалков испектакль "12". Аспектакль аԥхьарбара мҩаԥган мшаԥы 24 рзы Атеатр ду асценаҿы.

"2007 шықәсазы сара акиносахьа "12" аҿы аепизодтә роль сыхәмаруан. Уи аахыс Никита Сергеи-иԥеи сареи аизыҟазаашьа бзиа ҳамоуп. Ҳаиқәшәарақәа раан аспектакль азы ахореографиа иадҳәалоу кавказтәи аелементқәа ҳрылацәажәон. Ҵыԥх иӡбан афильм "12" амотив ала аспектакль ықәыргылахарц", - ҳәа еиҭеиҳәоит ансамбль "Амцабз" анапхгаҩы Лаша Марыхәба.

Афильм "12" аҿы иҟоуп аепизод иабԥса дишьит ҳәа агәаанагара ззыҟоу ачечен ҷкәын абахҭаҿы ахьҭа данакы акәашара дахьалаго.

"Абахҭа данҭыҵ ашьҭахь акәашара далагоит. Иара ицкәашоит 26-ҩык ачечен ҷкәынцәа. Аԥхьа ари асцена аилкаара уадаҩын. Избанзар акино киноуп, аспектакль - уи даҽакуп", - ҳәа иҳәоит Марыхәба.

Ансамбль Амцабз взял четыре гран-при на фестивале в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2021
Ансамбль "Амцабз" Гран-приқәа ԥшьба анашьахеит Москва афестиваль аҿы

Атеатр Ду аҿы адраматә спектакль раԥхьаӡа акәны иддырбеит, ари асценахь аколлективгьы раԥхьаӡа акәны ицәырҵит ҳәа иҳәоит иара.

"Раԥхьаӡа акәны ари асценаҿ ҳақәгылеит. Игәадуроуп Аԥсны ахьӡала ҳақәгылара. Никита Михалков – ауаҩ ҟәыш, апрофессионал, доуҳала дҳадгылан. Ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит ари аҩыза адунеитә сценахь ҳнеиртә алшара ахьҳаиҭаз. Аспектакль ашьҭахь аӡәаӡәала ахәыҷқәа игәыдиҳәҳәалон. Ҳаргьы аҳамҭақәа азырхианы иҳаман", - ҳәа иҳәоит ансамбль анапхгаҩы.

Лаша Марыхәба иҳәоит аколлектив милаҭрацәала ишышьақәгылоу.

"Ансамбль амилаҭрацәара ахореографиагьы ианыԥшуеит. Уажәы иҟоуп ацәажәарақәа аспектакль "12" атеатр арепертуар иалагалахоит ҳәа", - азгәеиҭеит иара.

Лаша Марыхәба аколлектив инанагӡаз акәашара ахақәиҭра, агәыҭбаара, афырхаҵара, ажәларқәа реиҩызара ирсимволуп ҳәа иҳәоит. Иара убасгьы иҳәеит апандемиа иахҟьаны аиубилеитә хәылԥазы изныкымкәа ишахыргахьаз.

"Амцабз" Москва еиҿкаау аԥсуа хәыҷтәы кәашаратә ансамбльуп. Напхгара аиҭоит Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Лаша Марыхәба. Еиҿкаан 2012 шықәсазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0