Аԥсны аусура иалагоит Аибашьра Ду аҟны иҭахаз рыԥсыбаҩқәа рыԥшаараз апроект

© Sputnik / Сергей Аверин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПередача РФ останков военнослужащего, погибшего в 1943 году в ходе боев за Славянск
Передача РФ останков военнослужащего, погибшего в 1943 году в ходе боев за Славянск - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.04.2021
Анапаҵаҩра
Аибашьра Ду аҟны иҭахаз рыԥсыбаҩқәа рыԥшаараз апроект "Кавказтәи афронт" Кавказ ахьчаразы аибашьра 80 шықәса ахыҵра иазкуп.

АҞӘА, мшаԥы 30 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба дырԥылеит апроект "Кавказтәи афронт" авторцәеи алахәылацәеи.

Арра-патриоттә проект "Кавказтәи афронт" азырхоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан Аԥсны иахьаҵанакуаз иҭахаз асолдаҭцәа рыԥсыбаҩқәа рыԥшаара.

"Ҳара ҳхықәкы – асовет солдаҭцәа рыԥсыбаҩқәа ԥшааны, ҳаҭырла анышә рамадароуп. 40 ԥсыбаҩ рҟынӡа еиҭаганы иҳажхьеит. Ԥхьаҟагьы апрограмма иацҵатәуп. Иус хадоу - агәалашәара анаӡаӡатәреи аҭоурых аиҭакра алмыршареи роуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин иазгәеиҭеит адипломатиатә усбарҭа шазыхио ари апроект ацхраара.

"Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аҵак ду анаҭоит аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара. Сара сзы иҳаҭыр дууп ари апроект алахәхара. Акраҵанакуеит апатриоттә ааӡара, избанзар ирацәаҩуп зҽазызшәо аҭоурых аиҭакра. Ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рыԥсадгьыл аҭоурых иашаны, ибзианы ирдыруазароуп", - ҳәа иҳәеит иара. 

© Sputnik / Асмат Цвижба Аԥсны аусура иалагоит Аибашьра ду аҟны иҭахаз рыԥсыбаҩқәа рыԥшаараз апроект
Аԥсны аусура иалагоит Аибашьра Ду аҟны иҭахаз рыԥсыбаҩқәа рыԥшаараз апроект - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.04.2021
Аԥсны аусура иалагоит Аибашьра ду аҟны иҭахаз рыԥсыбаҩқәа рыԥшаараз апроект

Апроект анапхгаҩы Сергеи Серкин еиҭеиҳәеит "Кавказтәи афронт" аԥшьгара аидеиа цәыббрамзазы ишцәырҵыз. Иӡбан аусура х-хырхарҭакны ишазарц – арра-ԥшааратә, амедиарккаратә, аҿар-рҵаратә ҳәа.

Иара иажәақәа рыла, иаԥҵоуп аԥшааратә гәыԥқәа ҩба, 18-ҩыки 23-ҩыки рылахәны. Уахь иаҵанакуеит аԥшааҩцәа реиԥш, амедиагәыԥқәагьы, аинформациа оперативла аҭыжьразы. Иаԥҵахоит иаку аинфоцентр.

Сынтәа иара убасгьы имҩаԥгахоит Санчареи Марыхәи акаҵәарақәа рҿы аԥсыжырҭақәа рҿы аԥшааратә усурақәа.

"Ҳара иаҳҭахуп апроект иалахәхарц ФРГи Австриеи ртәылауаа. Уа ижуп дара ргәакьацәа. Ииашоуп, урҭ қәылацәан, аха дара ирҭаххар рыдгьыл ахь иргар ҟалоит. Ҳаргьы абри аус аҿы ацхыраара раҳҭоит", - иҳәеит иара.

Аԥсны атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Нодар Аҩӡба инаҵшьны иазгәеиҭеит арра-патриоттә ааӡара еснагь аминистрразы аԥыжәара шаму, ишазыхиоу апроект алахәхара.

Ветераны Великой Отечественной войны на церемонии возложения цветов около Вечного огня в парке Победы во время празднования Дня Победы в Ереване - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2021
"Сара сеибашьра": Аԥснынтәи Аибашьра Ду аветеранцәа злахәу афильм ҭыҵит

Абыжьбатәи арратә база аиҳабы ихаҭарнак Виктор Сергеенко иҳәеит дара хылаԥшра шарҭо 37 баҟа. Асолдаҭцәа ишыдрыцқьо урҭ рҵакырақәа, ԥхьаҟагьы уи ишазыхиоу.

Ахада ихаҭыԥуаҩ еизаз рахь аҳәара ҟаиҵеит Аԥсны ахьчараз иҭахаз иаку рыиашьаратә ԥсыжырҭеи асовет еибашьцәа рбаҟеи рҭыԥ алыркаарц.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан ҳџьынџьуаа зықьҩыла амцашыра иалагылан. Еибашьра ицаз 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи рҟынтәи 17 нызқьҩык рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-а Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0