Аԥсны атәылауаҩ анаркотикқәа рконтрабандаз иус ӡбоуп

© SputnikГраница
Граница  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2021
Анапаҵаҩра
Аӡбарҭа азыӡбала Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ Евразиатәи Аҳазалхратә Еидгыла аҳәаа закәаншьаҭада анаркотикқәа рахыгаразы ахара ихараҵоуп.

АҞӘА, лаҵара 5 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә Адлертәи араионтә ӡбарҭа ахара ихаранаҵеит Аԥсны атәылауаҩ анаркотикқәа рконтрабандаз. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Аҳәаахьчаратә усбарҭа.

Ахаҵа даанкылан Урыстәылантәи аҳәаа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" ала данахысуаз.

Атәылауаҩ идбалан лента еиқәаҵәала иҿаҳәаз аилаҳәара. Аексперттә ҭҵаара алкаақәа рыла аилаҳәара илаҳәаз анаркотиктә маҭәашьарын –метадон (фенадон, долофин).

Урыстәыла аиҳабыра рықәҵара №681 (30.06.1998) "Урыстәылатәи Афедерациаҿы ахылаԥшра зҭатәу анаркотиктә маҭәашьарқәеи урҭ рпрекурсорқәеи рышьақәырӷәӷәаразы" инақәыршәаны мефедрони метадони анаркотиктә маҭәашьаруп ҳәа асиа иарбоуп.

Атәылауаҩ ахара зызидырҵо ацәгьоурахь иаҵанакуеит: Урыстәыла АЗ ахәҭаҷ 229.1 актәи ахәҭа (анаркотикатә маҭәашьарқәа рконтрабанда). Иара иқәҵоуп хәышықәса ариашаратә колониа азеиԥш режим аҿы ихыгаразы.

Ари азыӡба ахашшаараан Шәача ақалақь Адлертәи араионтә ӡбарҭа иара шыҟаз иааннажьит.

Ажәабжьқәа зегьы
0