Урыстәылатәи аиқәырхаҩцәа азыхиоуп Аԥсны аԥшааратә операциа рҽалархәра

© Foto / МЧС РАВертолет МЧС Абхазии производит облет территории
Вертолет МЧС Абхазии производит облет территории  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны АҶА аԥшаара-еиқәырхаратә гәыԥ Аԥсны ашьхараҿы иӡыз атурист иԥшааразы ауснагӡатәқәа ирҿуп.

АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәылатәи аиқәырхаҩцәа иахәҭаны иҟалозар иазыхиоуп Аԥсны аԥшааратә операциа рҽалархәра, абри атәы иҳәеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа лаҵара 16 рзы имҩаԥысыз аилатәараҿы. Абри атәы аанацҳауеит аминистрра апресс-маҵзура.

Аилацәажәараҿы иазгәаҭан аԥшаарақәа шыуадаҩу аҳауатә ҭагылазаашьа иахырҟьани амаршрут ауадаҩрази.

"Ашьыжь асааҭ фба рзы Аԥсны АҶА аверталиот аԥшаара-еиқәырхаратә гәыԥ аԥсахразы ишьҭыԥрааит. Атурист иԥшаара ацҵаразы амаҭәа ԥхеи афатә-ажәтәи рыла еиқәыршәоуп уахь инарышьҭуа агәыԥ ҿыц", - Sputnik иазеиҭарҳәеит апресс-маҵзураҿы.

Иара убасгьы ирҳәеит агәыԥ ҿыц Владимир Улианов дыҟоуп ҳәа агәаанагара ахьыҟоу аҭыԥ иазнеироуп. Уахь анеира аруадаҩуеит ишьҭоу асы.

"Абра дыҟоуп ҳәа ахьҳарҳәаз аҭыԥ аҿы иара дҳамбар аԥшааратә усурақәа ирыцҵахоит", - рҳәеит аусбарҭаҿы.

Владимир Улианов дыҟоуп ҳәа иахьшьо аҭыԥ амшын аҩаӡараҟынтә 2 000 метра ишьҭыхуп.

"Иара дызлаз агәыԥ иифаша, иижәыша изынрыжьит. Ақьала издыргылеит", - рҳәеит апресс-маҵзураҿы.

Аусбарҭа аинформациала атурист Владимир Улианов Аԥсныҟа дааит Екатеринбургынтә. Урыстәылатәи АИХқәа ишырҳәо ала 64 шықәса ихыҵуеит ҳәа адырра ыҟоуп. Аԥшаара далахәуп атуристтә гәыԥ аинструктор Анна Гилева.

Атуристцәа ргәыԥ лаҵара 3 рзы атуристтә маршрут ала амҩа иқәлеит. Дара хынҳәраны иҟан лаҵара 10 рзы. Лаҵара 12 асааҭ 11:20 рзы Аԥсны АҶА ахь адырра ҟаҵан атуристцәа руаӡәк ацхыраара шиҭаху, иара дныжьны агәыԥ рхала ашьхараҟынтә илбаарц ишаҿу.

Аусбарҭа апресс-маҵзура адыррала, агәыԥ аинструктор Анна Делево илҳәеит абазахь атуристцәа зыхнымҳәит рымҩа иахьахҟьази асоура иахьалагази азы. Уа дырзыԥшын рҩызцәа руаӡәк. Дара ирыӡбеит ацхыраара иаҳәарц Аԥсны АҶА аҿы.

Аусбарҭа уаанӡатәи адыррақәа рыла, атурист дыҟоуп ҳәа агәаанагара ахьыҟоу аҵакыра вертолиотла иахаԥраауан ҳәа, аха аҳауатә ҭагылазаашьа иахҟьаны шьапыла идәықәлар акәхеит.

Открытие сезона на горнолыжном курорте Роза Хутор в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.05.2021
Хәымш ҵуеит Аԥсны АҶА ашьхарақәа рҿы иӡыз атурист иԥшаара иаҿуижьҭеи

Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа быжьҩык ашьхарақәа рҿы иӡыз атурист Владимир Улианов иԥшаара ишаҿыц иаҿуп.

Атуристтә гәыԥ иалахәуп Нижни Тагил, Екатеринбург, Челиабинск, Санкт-Петербург рҟынтәи атуризм абзиабаҩцәа.

Атуристцәа егьырҭ ргәыԥ лаҵара 13 рзы Ачадараҟа инеит. Дара уа аангыларҭа рыман. Лаҵара 14 рзы дара ареспублика аанрыжьит.

Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан иажәақәа рыла атуристтә гәыԥ аминистррахь азыҳәа нанашьҭит рмаршрут азы. Ашәҟәы ианҭаргала ашьҭахь амҩа иқәлеит. Иара иҳәеит иалхыз амаршрут шыуадаҩу, уи адагьы лаҵара 9 рзы арҭ аҭыԥқәа рҿы асы шлеиз.

Аԥсны АҶА аминистр Лев Кәыҵниа верталиотла араион дахыԥрааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0