Хәымш ҵуеит Аԥсны АҶА ашьхарақәа рҿы иӡыз атурист иԥшаара иаҿуижьҭеи

© Sputnik / Нина Зотина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие сезона на горнолыжном курорте "Роза Хутор" в Сочи
Открытие сезона на горнолыжном курорте Роза Хутор в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.05.2021
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа быжьҩык ашьхарақәа рҿы иӡыз атурист Владимир Улианов иԥшаара ишаҿыц иаҿуп.

АҞӘА, лаҵара 16 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба.  Аԥсны АҶА аԥшаара-еиқәырхаратә гәыԥ урыстәылатәи атурист иԥшаараз ауснагӡатәқәа ирыцырҵоит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит аусбарҭа апресс-маҵзураҿы.

"Ҳаиқәырхаратә гәыԥ иӡыз урыстәылатәи атурист дыҟазар ахьалшо аҭыԥ ахь рымҩа иацырҵоит. Атуристцәа ргәыԥ адырра шыҟарҵаз ала иара уа дыҟазар ауп, рҭыԥ ааныжьны џьаргьы дымцарц иарҳәеит. Ҳгәыӷуеит иара уа дыҟоуп ҳәа", - рҳәеит аминистраҿы.

Аусбарҭа аинформациала атурист Владимир Улианов Аԥсныҟа дааит Екатеринбургынтә. 64 шықәса ихыҵуеит ҳәа адырра ыҟоуп. Аԥшаара далахәуп атуристтә гәыԥ аинструктор Анна Гилева.

Агәыԥ лаҵара 3 рзы атуристтә маршрут ала амҩа иқәлеит. Дара хынҳәраны иҟан лаҵара 10 рзы. Лаҵара 12 асааҭ 11:20 рзы Аԥсны АҶА ахь адырра ҟаҵан атуристцәа руаӡәк ацхыраара шиҭаху, иара дныжьны агәыԥ рхала ашьхараҟынтә илбаарц ишаҿу.

Горы Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2021
Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа быжьҩык урыстәылатәи атурист иԥшаара иаҿуп

Аусбарҭа апресс-маҵзура адыррала, агәыԥ аинструктор Анна Делево илҳәеит абазахь атуристцәа зыхнымҳәит рымҩа иахьахҟьази асоура иахьалагази азы. Уа дырзыԥшын рҩызцәа руаӡәк. Дара ирыӡбеит ацхыраара иаҳәарц Аԥсны АҶА аҿы.

Аусбарҭа уаанӡатәи адыррақәа рыла, атурист дыҟоуп ҳәа агәаанагара ахьыҟоу аҵакыра вертолиотла иахаԥраауан ҳәа, аха аҳауатә ҭагылазаашьа иахҟьаны шьапыла идәықәлар акәхеит.

Агәыԥ иалахәуп Нижни Тагил, Екатеринбург, Челиабинск, Санкт-Петербург рҟынтәи атуризм абзиабаҩцәа.

Атуристцәа егьырҭ ргәыԥ лаҵара 13 рзы Ачадараҟа инеит. Дара уа аангыларҭа рыман. Лаҵара 14 рзы дара ареспублика аанрыжьит.

Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан иажәаәқа рыла атуристтә гәыԥ аминистррахь азыҳәа нанашьҭит рмаршрут азы. Ашәҟәы ианҭаргала ашьҭахь амҩа иқәлеит. Иара иҳәеит иалхыз амаршрут шыуадаҩу, уи адагьы лаҵара 9 рзы арҭ аҭыԥқәа рҿы асы шлеиз.

Ажәабжьқәа зегьы
0