Аԥснытәи акоманда "НЕРС" Москва астраикболтә хәмаррақәа рзы ахраҿа анашьахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСтрайкбол
Страйкбол  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2021
Анапаҵаҩра
Страикбол азы ахәмаррақәа "Сутки на броне" мҩаԥысуан Москва амҵантәи Ступино аҿы лаҵара 14 - 16 рзы. Ахәмаррақәа ирылахәын ԥшь-нызқьҩык рҟынӡа Урыстәыла, Аԥсны, Донецктәи ареспублика рҟынтә.

АҞӘА, лаҵара 18 – Sputnik, Бадри Есиава. Атактикатә ҟәша ҷыда "НЕРС" страикбол азы ахәмаррақәа "Сутки на броне" аҿы ианашьахеит ахраҿа "Аусдҵақәа фырхаҵарыла рынагӡаразы". Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Арра-тактикатә хәмаррақәа рфедерациа ахантәаҩы Денис Шашура.

"Аицлабрақәа мҩаԥысуан ҳара ҳзы иҿыцыз аполигон аҿы. Аҽаршьцылара уадаҩын, аиҳаракгьы маҷк ҳагхан ҳахьнеиз азы. Ҳаамҭа маҷын. Аполигон аӡиастә ԥынгыларақәа змаз бнаран. Раԥхьатәи усдҵаны иҳаҭан аԥшыхәра, аминомиоттә хырӷәӷәарҭақәа рықәгара, атыл аҿы адиверсиатә усқәа рымҩаԥгара", - ҳәа иҳәоит Шашура.

Аусдҵа анагӡара имариамыз акәын. Аамҭа азымхара иахҟьаны ахсаала ишахәҭаз иҭҵаамызт, "НЕРС" "аӷа" итыл ахь инеит, уа еибашьыр акәхеит. Аԥснытәи акоманда хьаҵт, аҭагылазаашьа аҽанрааланы, аха аминомиоттә хырӷәӷәарҭа аҭархара рылшеит.

Шашура иажәақәа рыла, зегь реиҳа иуадаҩыз амацәаз иахьҭакыз аҭыҵра акәхеит. "НЕРС" ҩ-гәыԥкны аҽеихшаны еибашьрыла амацәаз иҭыҵит.

Аԥснытәи астраикболистцәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2017
Жәларбжьаратәи арра-тактикатә еицлабра иалахәуп Аԥснытәи акоманда

"Агәыԥ алахәылаки сареи "аӷа" итыл аҿы ҳаанхеит. Амацәаз иҭашәаз ҳаибашьцәеи ҳареи ҳҽанеимаҳда ашьҭахь иҳаӡбеит мцаԥшьла урҭ ацхыраара раҳҭарц. Ҳаибашьцәа руаӡәк х-сааҭк инарзынаԥшуа "аӷа" цхыраарада диҿагылан ихала. Иааулак амацәаз ҳҭыҵны ҳҿаԥхьа иқәгылаз ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара ҳҽазаҳшәеит", - ҳәа иҳәоит иара.

Шашура еиҭеиҳәеит уи амш азы аԥшаӷьы шасуаз, ихжәаз аҵла амахә дшаҵахаз. Ахәмаррақәа реиҿкааҩцәа аԥснытәи акоманда аиндаҭлара аанрыжьырц рабжьыргеит, аха дара мап ркит. "НЕРС" акапитан ааха ахьиоуз азы акоманда адиверсиатә гәыԥ иалганы аҽыхьчаратә гәыԥ ахь ииаргеит.

"Ахәмаррақәа лаҵара 14, Аԥсны Раԥхьатәи ахада имшира аҽны иахьрылагаз амч ҷыда ҳнаҭон. Азин ҳамамызт акы ацәхьаҵра. Зегьы идҳарбар ҳҭахын ахәмаррақәа рылахәхара аиҳа ҳтәыла ахаҿы аарԥшра шаҳҭахыз", - ҳәа иҳәоит Шашура.

© Foto / предоставил Денис Шашура Рҿаԥхьа иқәгылаз адҵақәа хаҵарыла рынагӡаразы "НЕРС" уаанӡа аӡәгьы ианарымшьацыз ахраҿа анашьахеит.
За проявленное мужество: «НЕРС» из Абхазии получил награду в играх «Сутки на броне»  - Sputnik Аҧсны
1/4
Рҿаԥхьа иқәгылаз адҵақәа хаҵарыла рынагӡаразы "НЕРС" уаанӡа аӡәгьы ианарымшьацыз ахраҿа анашьахеит.

2/4

3/4

4/4

Страикбол азы ахәмаррақәа "Сутки на броне" мҩаԥысуан Москва амҵантәи Ступино аҿы лаҵара 14 - 16 рзы. Ахәмаррақәа ирылахәын ԥшь-нызқьҩык рҟынӡа Урыстәыла, Аԥсны, Донецктәи ареспублика рҟынтә. Арҭ ахәмаррақәа атәылақәа жәпакы рыҽрыладырхәуеит, аха сынтәа пандемиа иахырҟьаны аҳәаақәа аркын, инеизгьы маҷхеит ҳәа иҳәеит Шашура.

Рҿаԥхьа иқәгылаз адҵақәа хаҵарыла рынагӡаразы "НЕРС" уаанӡа аӡәгьы ианарымшьацыз ахраҿа анашьахеит.

"Ари гәахәара дуун. Ԥхьаҟазгьы аиааира ҳгәы азҭанаҵеит", - ҳәа азгәеиҭеит Денис Шашура.

Аԥснытәи акоманда жәаҩык рыла ишьақәгылан. Аԥхьанатә агәыԥ зегьы – 15-ҩык цоит ҳәа иԥшын, аха афинанстә проблемазы изалмыршахеит.

"Ҳцартә аиԥш алшара шҳауаз аиндаҭларақәа рылагара мышк шагыз ауп ишеилаҳкааз. 18 сааҭ рыла Москва ҳнеит. Уи азоуп инагӡаҵәҟьаны аҽазыҟаҵара ҳзахьымӡаз. Ҳара уахь ҳцара алыршахеит Апарламент адепутатцәа Каха Пертаиеи Илиа Гәниеи рыцхыраарала", - иҳәеит Шашура.

"Сутки на обороне" – иналукааша страикболтә хәмарроуп. Сынтәа иара иалахәын ф-нызқьҩык рҟынӡа, имҩаԥысуан Москва, лаҵара 14-16 рзы.

"НЕРС" ҩынтәуп арҭ ахәмаррақәа ирылахәуижьҭеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0