Аслан Бжьаниа Башар Асад Шьамтәыла ахада алхрақәа рҿы ииааира идиныҳәалеит

© Foto / официальный сайт Президента Абхазии Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2021
Анапаҵаҩра
Шьамтәылатәи Арабтә Республика иахьатәи ахада Башар Асад алхрақәа рҟны аиааира игеит 95,1% абжьы иманы.

АҞӘА, лаҵара 28 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Башар Асад Шьамтәыла ахада иалхраан ииааира идиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

"Шьамтәылатәи Арабтә Республика ахада иалхраан ижәгаз аиааира шәыдысныҳәалоит. Ажәлар бжьеицҿакла рыбжьыҭара иаанарԥшуеит атәыла асуверенитети аҵакыратә акзаареи рыхьчара иазырхоу шәполитика адгылара ду шамоу. Аџьшьара ду иаԥсоуп шәыԥсадгьыл жәларбжьаратәи атерроризм иацәызыхьчаз хаҭалатәи шәгәымшәара, зхадараҿы шәыҟоу шьамтәылатәи ажәлар рфырхаҵара", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.

Бжьаниа шьамтәылатәи иколлега ҭабуп ҳәа иеиҳәеит аԥснытәи аделегациа Шьамтәыла рыҟазаараан ирзыҟаҵаз адкылара ҳарак азы.

Визит вице-премьера РФ Д. Рогозина в Сирию - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2021
Башар Асад Шьамтәыла ахада иалхрақәа рҿы аиааира игеит

"Гәыкала иҭабуп ҳәа сҳәоит шәыдгьыл ԥшьаҿы ҳаҟазаараан хаҭала Шәара, Шьамтәылатәи Арабтә Республика анапхгара, Шьамтәыла ажәлар зегьы шәысасдкылараз, шәгәыҭбаараз. Ҳара уа ҳаҟазаара алҵшәақәа анырра рырҭашт ԥхьаҟатәи Аԥсни Шьамтәылеи ганрацәалатәи реизыҟазаашьақәа", - ҳәа азгәеиҭеит Бжьаниа.

Ахада иколлега изеиӷьеишьеит аиааира ҿыцқәа Шьамтәылатәи Арабтә Республика амаҵ ауразы, Шьамтәыла ажәлар – агәабзиареи аҭынчреи.

Ажәабжьқәа зегьы
0