Делба 2021 шықәсазтәи ашәахтәлагалақәа дрылацәажәеит

© Sputnik Деньги
Деньги  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.06.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Афинансқәа рминистр 2021 шықәса раԥхьатәи хәымз рзтәи аусурақәа реихшьала ҟаҵаны ԥхьаҟатәи азԥхьагәаҭарақәа дрылацәажәеит аԥыза-министр Александр Анқәаби иареи русутә еиԥылараан.

АҞӘА, рашәара 3 – Sputnik. 2021 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны Аԥсны абиуџьет иаланагалахьеит ишәахтәтәуи ишәахтәтәыми 2 миллиард мааҭ ахашәалақәа. Ари 23 % рыла 2020 шықәсазтәи арбагақәа иреиҳауп. Абри атәы аԥыза-министр Александр Анқәаб изеиҭеиҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Афинансқәа рминистр Владимир Делба ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.

Счет за электроэнергию  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2021
Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра ашықәс актәи аԥшьбаратә усураз аихшьаала ҟанаҵеит

Аминистр иазгәеиҭеит ажьырныҳәамза инаркны иубартә ишыҟоу ахатә лагалақәа аамҭа-аамҭала рызҳара. Хәымзтәи арбага 380 миллион мааҭ рыла еиҳауп 2020 шықәса иара убри аамҭазтәи арбагақәа раасҭа. Ашәахтә лагалақәа 377 миллион мааҭ ыҟоуп.

2021 шықәса хәымзтәи алагалақәа, урыстәылатәи ацхыраарагьы арахь иналаҵаны, 3,6 миллиард мааҭ ыҟоуп ҳәа иҳәеит Делба.

Афинансқәа рминистр иара убасгьы еиҭеиҳәеит абиуџьет аныхратә хәҭа аҭагылазаашьа зеиԥшроу, урҭ аныхрақәа ишырхықәку асоциалтә хыдҵақәа рԥаразоужьра.

Владимир Делба аԥыза-министр иирдырит Афинансқәа рминистрра аилахәырақәа рҿаԥхьа аҳәынҭқарра ауал ашәара апроцесс ишалагаз, уи аганахьала иҵоуроу аҭагылазаашьа шыҟоу.

"Афинансқәа рминистрра зуал ашәо аилахәыра иаиуа аԥарақәа еикәшаны абиуџьет иҭалоит. Убас иаҳбарҭаны иҟоуп Атәанчахәытә фонд аԥара азынашьҭра ишалаго ҳара ҳуалқәа анаҳшәалак ашьҭахь", - ҳәа иҳәоит Делба.

Аԥыза-министр Александр Анқәаби аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Афинансқәа рминистр Владимир Делбеи аусутә еилацәажәара мҩаԥыргеит рашәара 2 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0