"Пашә Ду имҩала": Орҳан Кәаӡба ишьҭра иазкны

© Foto / из архива семьи КвадзбаШьаҳан Кәаӡба игәакьацәа рыгәҭа
Шьаҳан Кәаӡба игәакьацәа рыгәҭа - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2021
Анапаҵаҩра
Амҳаџьырра аамҭақәа раан Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа иахнагаз, анаҩс Пашә Ду ҳәа зыхьӡ цаз, Кәаӡаа ирыцкарыз арԥыс, иахьагьы ихьӡ жәлак аҳасабала иныҟәыргоит еиҵагылаз абиԥарак. Уи атәы еиҭеиҳәеит Пашә Ду ихылҵшьҭроу 73 шықәса ирҭагылоу Орҳан Кәаӡба.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Пашә Кәаӡба дқәыԥшын иаб иашьа Кьапахә диманы Ҭырқәтәылаҟа данаа. Иҟоу адыррала, арԥыс иҭаацәа агәамбзиара иахырҟьаны рыдунеи рыԥсахит. Ахәыҷы хабарда дыбжьамӡырц азы, Кьапахә ахҵәара дшақәшәазгьы, "ҳахьԥсуа ҳаицԥсааит" ҳәа атәым дгьыл ахь еицықәҵит.

Ҭырқәтәылаҟа иахнагаз аԥсуаа аӡәырҩы реиԥш, Кьапахәи Пашәи ауадаҩрақәа рхыргеит, ахьҭеи, амлеи, ачымазареи ириааит. Аԥхьанатә иахьӡхыҵыз аҭыԥқәа рҿы абзазара аиҿкаара аныуадаҩха, рыԥсадгьыл шәаԥыџьаԥла еиԥшыз аҭыԥқәа ирышьҭалеит. Ус, гәыԥҩык аԥсуаа, наҟ-наҟ Аԥсара ҳәа хьӡыс изырҭаз ақыҭахь нхара иааит.

"Аԥсара қыҭа дууп, уи иаҵанакуа ацуҭақәа рацәоуп. Сара сабду иаб Пашә инхара ахьеиҿикааз Ҭеԥсеқь ауп", - иҳәоит Орҳан Кәаӡба.

© Foto / из архива семьи КвадзбаОрҳан Кәаӡба
Пашә Ду имҩала: Орҳан Кәаӡба ишьҭра иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2021
Орҳан Кәаӡба

Пашә иқәра шмаҷызгьы, ижәлар рыбжьара ҳаҭыр иқәын, аԥхьагылаҩцәа дыруаӡәкын. Ахҵәацәа анхарҭа ҭыԥқәа рзалхра аума, аҩнқәа рыргылара, абзазара аиҿкаара уҳәа рҿы ихы деигӡомызт, убри аҟнытә иара дыхәҷшәа илаз агәаӷь азы Пашә Ду ҳәа изырҳәо иалагеит.

Аамҭа анааи, Пашә Кәаӡба динасыԥхеит Финде Лаԥшьԥҳа (Ԥлиаԥҳа). Дара Осман захьӡыз аԥазаҵә дрыман. Ахәыҷы иакәзаргьы, иаб иеиԥш зегь рыла дҿырԥшыганы изҳауан.

"Осман сара сабду иоуп. Иара дабиԥазаҵәын аха иԥшәмаԥҳәыс Рефие Мамаҭԥҳаи иареи быжьҩык ахшара рхылҵит, фҩык аԥацәеи аԥҳаи. Аха саб ида егьырҭ ақәра ду нырҵыртә еиԥш изыҟамлеит, ачымазарақәа рыхьӡеит. Руаӡәы Исмаил ирратә уалԥшьақәа шынаигӡоз дҭахоит, Осман иакәзаргьы, амаҭацәа ҳаихааным", - еиҭеиҳәоит Пашә Ду ихылҵшьҭроу.

© Foto / из архива семьи КвадзбаШьаҳан Кәаӡба игәакьацәа рыгәҭа
Пашә Ду имҩала: Орҳан Кәаӡба ишьҭра иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2021
Шьаҳан Кәаӡба игәакьацәа рыгәҭа

Зыԥсы ҭаны иаанхаз Осман иԥа Шьаҳан иашьцәа рыхшара рзы иара иоуп абыс иҟалаз. "Ҳаб" ҳәа изырҳәоит иахьагьы.

Аиҳабацәа изларгәалашәоз ала, Шьаҳан ҟазшьала акырӡа иабду Пашә диеиԥшын. Аԥсара иаҵанакуа ацуҭақәа рынхацәа зегьы ҳаҭыр иқәырҵон. Џьоукы аимак-аиҿак анрыбжьалозгьы, рус аилыргаразы иара иԥхьон, иажәа ҟәыш иахаҵгылон.

© Foto / из архива семьи квадзбаШьаҳан Кәаӡбеи иҧшәмаҧҳәыс Ҧақьизе Бешьлиаҧҳаи
Пашә Ду имҩала: Орҳан Кәаӡба ишьҭра иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2021
Шьаҳан Кәаӡбеи иҧшәмаҧҳәыс Ҧақьизе Бешьлиаҧҳаи

"Ҳаб Шьаҳан ауаа еиҳа дырбон ахәыҷқәа ҳаасҭа. Аӡәы ацхыраара иҭахызар, ма рыцҳарак дақәшәазар, џьоукы ажәа еимаркзар, иара иакәын "уаҳзааи" ҳәа зырҳәоз. Зны, ҳгәылара ҩыџьа аишьцәа гәакьацәа (рыжәла сҳәом) аимак-аиҿак рыбжьалеит. Ҳаб еинсраалоит ҳәа дахьнеиз, аишьцәа руаӡәы икьарахә ҭыганы егьи дысшьуеит ҳәа данаҵха, уи аамҭазы ирыбжьагылаз ҳаб ижәҩахыр иақәшәеит", - иажәабжь иациҵоит Орҳан Кәаӡба.

Ари ахҭыс ашьҭахь аишьцәа еинаалеит, аха Шьаҳан дхымхәаны даанхеит. Изнапык шимыхәозгьы, ԥшьҩык ахшара иааӡеит, ршьапы иқәиргылеит.

Шьаҳан иԥсҭазаара ицеиҩылшеит Ԥаақьизе Бешьлиаԥҳа. Абыргцәа рыԥсы ахьынӡаҭаз абиԥара ҿыц Пашә Ду иҭоурых рзеиҭарҳәон. Уи иҿырԥштәы ала ирааӡон, амҩа иаша иқәырҵон.

© Foto / из архива семьи КвадзбаШьаҳан Кәаӡба иҧшәмаҧҳәыс Ҧақьизе Бешьлиаҧҳа
Пашә Ду имҩала: Орҳан Кәаӡба ишьҭра иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2021
Шьаҳан Кәаӡба иҧшәмаҧҳәыс Ҧақьизе Бешьлиаҧҳа

Пашә Ду ихылҵшьҭроу зегьы хымԥада ажәла Кәаӡба ныҟәыргоит. Аха "шәзыжәлада" ҳәа ианразҵаауа, раԥхьа иргыланы Пашәиԥацәа ҳауп рҳәоит. Абас ала иахьанӡа Ҭырқәтәыла Пашә Ду ихьӡ ахәбатәи абиԥара еиқәырханы иааргоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0