Афедералтә шьҭазаара змаз ахаҵа аԥсуа-аурыс ҳәааҿы даанкылан

© AFP 2023 / Thomas SAMSONНаручники в отделении полиции
Наручники в отделении полиции - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.06.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ашьауӷатә закәанеидкыла ахәҭаҷ 163 ахәҭа 3 инақәыршәаны ацәгьоуразы Афедералтә шьҭазаара иман иаанкылаз ахаҿы.

АҞӘА, рашәара 9 — Sputnik. Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҟны Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа Аԥсны алалараан дааныркылеит Афедералтә шьҭазаара змаз ахаҵа. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҟны Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Урыстәыла ашьауӷатә закәанеидкыла ахәҭаҷ 163 ахәҭа 3 (ацәгара) инақәыршәаны ацәгьоуразы Афедералтә шьҭазаара иман иаанкылаз ахаҿы. Иара ахәҭаҷ инақәыршәаны 7-15 шықәса рҟынӡа ҭакрылеи миллион мааҭ ахараԥсеи иқәырҵар ҟалоит.

Иаанкылаз ахаҿы азинхьчаратә усбарҭақәа рахь дрыҭан, иганахь ала ԥхьаҟатәи апроцессуалтә уснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы.

Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҟны Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура адыррала 2021 шықәсазы аҳәынҭқарратә ҳәаа Ԥсоутәи ахәҭаҿы иааныркылахьеит 20-ҩык афедералтә, Жәларбжьаратә, Аҳәынҭқаррабжьаратә шьҭазаара змаз ахаҿқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0