ЕВРО-2020: Европа ашьапылампыл турнир хада Рим иаатуеит

© Sputnik / Александр Гальперин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛоготип UEFA EURO 2020 в футбольной деревне фестиваля в Санкт-Петербурге. Футбольный турнир пройдет с 11 июня по 11 июля 2021 года. Впервые в истории чемпионата Европы по футболу матчи будут проходить в 12 городах.
Логотип UEFA EURO 2020 в футбольной деревне фестиваля в Санкт-Петербурге. Футбольный турнир пройдет с 11 июня по 11 июля 2021 года. Впервые в истории чемпионата Европы по футболу матчи будут проходить в 12 городах. - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.06.2021
Анапаҵаҩра
ЕВРО-2020 мҩаԥгахоит рашәара 11 инаркны ԥхынгәы 11 рҟынӡа Европа ақалақьқәа жәеиза рҿы. Аханатә атурнир 2020 шықәсазы иазыԥхьагәаҭан, аха акоронавирустә пандемиа иахырҟьаны иахыган.

АҞӘА, рашәара 11 - Sputnik. Ашьапылампыл азы Европа 11-тәи ачемпионат хацыркхоит Ҭырқәтәылеи Италиеи рыбжьара, Рим, рашәара 11 азы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

УЕФА ачемпионат ахәмаррақәа еихнашеит Европа ақалақьқәа 12 рыбжьара, аха COVID-19 иахырҟьаны УЕФА Дублин ахәмаррақәа Санкт-Петербурги Лондони рахь иианагеит, Бильбао атурнир – Севилиаҟа.

УЕФА - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2020
Акоронавирус иахҟьаны ашьапылампыл азы 2020 шықәсазтәи Европа ачемпионат ахыгоуп

Ачемпионат иалахәуп ф-гәыԥкны еихшоу 24 команда.

Афинал 1/8 ахәҭахьы инеиуеит ҩба-ҩба команда агәыԥқәа рҟынтәи, иара убасгьы агәыԥқәа рҿы ахԥатәи аҭыԥқәа згаз даҽа ԥшь-командак.

Аиҳарак ахәмаррақәа (8) мҩаԥгахоит Лондон. Иара уа имҩаԥгахоит афинали афиналбжеи. Быжь-хәмаррак мҩаԥгахоит Санкт-Петербург. ЕВРО-2020 агәыԥтә хәмаррақәа мҩаԥысуеит рашәара 11-23 рзы, плеи-офф хацыркхоит рашәара 26 азы.

Агәыԥ А - Италиа, Ҭырқәтәыла, Уельс, Швеицариа. Ахәмаррақәа реихшанҵа: Ҭырқәтәыла– Италиа (рашәара 11, Рим), Уельс – Швеицариа (12, Бақәа), Ҭырқәтәыла – Уельс (16, Бақәа), Италиа – Швеицариа (16, Рим), Италиа – Уельс (20, Рим), Швеицариа – Ҭырқәтәыла (20, Бақәа).

Арҭ ахәмаррақәа мҩаԥгахоит Рими Бақәеи.

Агәыԥ B - Урыстәыла, Бельгиа, Даниа, Финландиа. Ахәмаррақәа реихшанҵа: Даниа – Финландиа (рашәара 12, Копенгаген), Бельгиа – Урыстәыла (12, Санкт-Петербург), Финландиа – Урыстәыла (16, Санкт-Петербург), Даниа – Бельгиа (17, Копенгаген), Финлиандиа – Бельгиа (21, Санкт-Петербург), Даниа – Урыстәыла (21, Копенгаген).

Агәыԥ C - Австриа, Нидерландқәа, Аҩада Македониа, Украина. Ахәмаррақәа реихшанҵа: Австриа – Аҩада Македониа (рашәара 13, Бухарест), Нидерландқәа – Украина (13, Амстердам), Украина – Аҩада Македониа (17, Бухарест), Нидерландқәа – Австриа (17, Амстердам), Украина – Австриа (21, Бухарест), Аҩада Македониа – Нидерландқәа (21, Амстердам).

Агәыԥ D - Англиа, Хорватиа, Чехиа, Шотландиа. Ахәмаррақәа реихшанҵа: Англиа – Хорватиа (рашәара 13, Лондон), Шотландиа – Чехиа (14, Глазго), Хорватиа – Чехиа (18, Глазго), Англиа – Шотландиа (18, Лондон), Чехиа – Англиа (22, Лондон), Хорватиа – Шотландиа (22, Глазго).

Агәыԥ E - Испаниа, Швециа, Польша, Словакиа. Ахәмаррақәа реихшанҵа: Польша – Словакиа (рашәара 14, Санкт-Петербург), Испаниа – Швециа (14, Севильа), Швециа – Словакиа (18, Санкт-Петербург), Испаниа – Польша (19, Севильа), Швециа – Польша (23, Санкт-Петербург), Словакиа – Испаниа (23, Севильа).

Агәыԥ F - Франциа, Португалиа, Германиа, Венгриа. Ахәмаррақәа реихшанҵа: Венгриа – Португалиа (рашәара 15, Будапешт), Франциа – Германиа (15, Миунхен), Венгриа – Франциа (19, Будапешт), Португалиа – Германиа (19, Миунхен), Германиа – Венгриа (23, Мюнхен), Португалиа – Франциа (23, Будапешт).

Ажәабжьқәа зегьы
0