Аԥсны аонкоцентр аусзуҩцәа рганахьала ашьаусҭҵаара хацыркуп

CC0 / / Архивное фото уголовного дела
Архивное фото уголовного дела - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.06.2021
Анапаҵаҩра
Ашьаусҭҵааратә усбарҭақәа Аԥсны азакәанԥҵара иазыԥхьагәанаҭо аусҭҵааратәии апроцессуалтәии уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит иахьатәи аамҭазы.

АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik. Аԥсны ААР ашьаусҭҵааратә усбарҭа ашьаус хацнаркит Амилаҭтә онкологиатә центр аҳақьым хада Лев Аргәын, ҽынлатәи астационар аиҳабы Нелли Лагәлааԥҳа, ахимиотерапиа аҟәша амедиаҳәшьа хада Лариса Кәакәасқьырԥҳа рганахьала ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.

Аус хацыркуп Апрокуратура хада ақәшаҳаҭрала Аԥсны ААР аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рҟынтәи инеиз аматериалқәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны. Аус афигурантцәа ахара рыдырҵоит Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 157 ахәҭа 4 (атәым мазара аӷьычра амаҵзуратә ҭагылазаашьа ахархәарала) инақәыршәаны.

Заанаҵтәи аҭҵаарақәа инарықәыршәаны агәызҩара ззыҟоу ахаҿқәа акьыбачымазара зыхьуа хәшәыла реиқәыршәаразы Аҳәынҭқарратә программа инақәыршәаны ахимиа-гармонтә хәшәқәа роураан ачымазцәа рамбулатортә картақәеи амедицинатә маҵзура ахәԥсашәаратә реестри рҿы имцыз адыррақәа анырҵон апациентцәа ахимиатерапиа иахысуазшәа, иара убри алагьы аҳәынҭқарра абиуџьет аԥхасҭа ду аҭан.

Республиканская больница.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2021
Ареспубликатә хәышәтәырҭа анапхгара ауаажәлар рахь аҳәамҭа ҟарҵеит

Заанаҵтәи аусҭҵаара иаҵанакит ачымазцәа ахимиатерапиала реиқәыршәаразы 2017-2021 шықәсқәа рызтәи Аҳәынҭқарратә программа аамҭа.

Уажәы Лев Аргәын, Нелли Лагәлааԥҳа, Лариса Кәакәасқьырԥҳа рганахьала раанкылашьа шьақәдыргылоит. Аԥсны ААР ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ацентр амаҵзурауаа рганахьала закәанда аумҭақәа ирықәшәахьоу абри аномер ала: 8(840)229-72-20 ма +7(940)967-54-00 аҭел иасырц.

Ажәабжьқәа зегьы
0