Амцакра ашьҭахь Очамчыра араион ақыҭақәа фымцалашарала еиқәыршәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЭлектропровода
Электропровода  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2021
Анапаҵаҩра
Зымчхара 32 мегаватт иҟоу афымцастанциа маҷ "Очамчыра–А́́хага" аҿы амцакра ҟалеит ҳәа АҶА ахь адырра ҟалеит рашәара 29 асааҭ 07:03 азы.

АҞӘА, рашәара 30 – Sputnik. Амцакра ашьҭахь Очамчыра араион ақыҭақәа фымцалашарала еиқәыршәоуп ҳәа Sputnik адырра арҭеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзураҿы.

Президент Абхазии Аслан Бжания прибыл в г. Очамчира - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.06.2021
Очамчыра иҟалаз астанциа маҷ аҿтәи абылра ашьҭахь Бжьаниа аилацәажәара мҩаԥигеит

Амцакра иахҟьаны ааха аиуит иарку аихшарҭа. Амцарцәара иалахәын амцарцәаратә гәыԥқәа ҩбеи Очамчыра ақалақь аиқәырхаратә ҟәшеи.

Авариа ахьыҟалаз аҭыԥ ахь днеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа. Анаҩс иара Очамчыра араион ахадараҿы аилацәажәара мҩаԥигеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

"Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Михаил Логәуа иажәақәа рыла, Очамчыратәи астанциа маҷ авариеи "Аҟәа-1" аҟны авариеи еиԥшуп. Аҭыԥ аҿы аус зуа аҟазауаа ирус хаданы иҟоу абылра ашьҭахь астанциа маҷ рыцқьаны еиқәхаз агәаҭара, ақалақьи ақыҭақәеи аамҭала алашара шырзынашьҭтәу аӡбамҭа адкылара.

Ажәабжьқәа зегьы
0