Аԥсны ашәаҳәареи акәашареи рҳәынҭқарратә ансамбль ахыбра хә-миллион мааҭ азоужьхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукГосударственный заслуженный ансамбль народной песни и танца Республики Абхазии.
Государственный заслуженный ансамбль народной песни и танца Республики Абхазии. - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль аԥҵан 1931 шықәсазы. 1970 шықәсазы ансамбль "Зҽаԥсазтәыз" ҳәа ахьӡ ахҵан.

АҞӘА, рашәара 30 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны аминистрцәа реилазаара арезервтә фонд аҟынтәи 5 121 290 мааҭ азоунажьуеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль ахыбра аргылара-монтажтә усурақәа рзы. Абри аҩыза аӡбра рыдкылан Аиҳабыра реилатәараҿы.

Аӡбра анагӡара ахылаԥшра анапы ианҵоуп Аԥсны афинансқәа рминистрра.

Аԥсны аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль аԥҵан 1931 шықәсазы Нестора Лакоба иаԥшьгамҭала. 1970 шықәсазы ансамбль "Зҽаԥсазтәыз" ҳәа ахьӡ ахҵан. Ансамбль арепертуар иалоуп афольклортә, абзазаратә, аритуалтә ашәақәа, акәашарақәа.

Ансамбль агастрольқәа Асовет Еидгыла ақалақьқәа рҿеиԥш адунеи атәылақәа – Германиа, Чехословакиа, Польша, Бырзентәыла, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Франциа, Мексика, Аргентина, Африка атәылақәа рҿы иқәгылахьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0