Бжьаниа Аԥсныҟа COVID-19 аҟынтәи алаҵа аҩбатәи апартиа ааргар аналшо иҳәеит

© Sputnik / Тимур Батыршин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация от коронавируса в Казахстане
Вакцинация от коронавируса в Казахстане - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥшьаша ԥхынгәы 8 рзы еилкаахеит "Спутник V" актәи акомпонент ала алаҵаҟаҵаразы аҽанҵара шхыркәшоу Аҟәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Ԥхынгәы анҵәамҭазы - нанҳәа алагамҭазы Аԥсныҟа акоронавирус аҟынтәи урыстәылатәи алаҵа даҽа партиак аарышьҭуеит ҳәа ҳазыԥшуп иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Аԥсуа телехәаԥшра иаиҭаз аинтервиу аҿы.

Вакцинация от COVID - 19 в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2021
"Спутник V" актәи акомпонент ала алаҵаҟаҵаразы аҽҭаҩра аанкылоуп Аҟәа

Иара иазгәеиҭеит Аԥсны Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыра рахь уи азы азыҳәа шынанашьҭхьоу, урыстәылатәи агангьы адгылара ҟанаҵоит ҳәа азгәанаҭахьеит. 

"Абри аҵыхәала ԥхынгәы 12 рзы Москва Ииашоу аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд аҟны аилатәара мҩаԥысраны иҟоуп. Ҳара ҳарзаҳалқәа аԥхьа ишьҭоуп, сақәгәыӷуеит ԥхынгәы иалагӡаны, уи анҵәамҭеи ма нанҳәа алагамҭеи рзы даҽа партиак алаҵа ҳауеит ҳәа", - иҳәеит ахада. 

Бжьаниа иара убас адырра ҟаиҵеит ихаҭагьы алаҵа ҟаиҵарц игәы ишҭоу, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны макьана иҟаиҵар ҟалом, аҳақьымцәа дшақәиҭыртәлак еиԥш, иҟаиҵоит ҳәа инаҵишьит иара.

Алаҵаҟаҵаратә кампаниа Аԥсны иалагеит лаҵара 11 рзы. Ауаа ирыларҵоит урыстәылатәи алаҵа "Спутник V". 6,5 нызқь доза иҟаз актәи апартиа атәылахь иааган мшаԥымза анҵәамҭазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0