Ашахматтә турнир "Аҟәа Опен 2021" аҟны иаиааиз далкаауп

© Sputnik Шахматная доска
Шахматная доска  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.07.2021
Анапаҵаҩра
Ашахматтә турнир "Аҟәа Опен 2021" иалахәын Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи 50-ҩык инареиҳаны ашахматасыҩцәа, уи мҩаԥысуан Аҟәа ԥхынгәы 1 инаркны 12 рҟынӡа.

АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik. Ашахматтә турнир "Аҟәа Опен 2021" аҟны актәи аҭыԥ ааникылеит Артиом Табариан, Аҟәа ақалақь аҟынтәи, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Ашахматтә федерациа.

Аҩбатәи аҭыԥ игеит иркутсктәи ашахматасыҩ Максим Демихо, ахԥатәи - Тристан Кәарацхьелиа, Аԥсны аҳҭнықалақь аҟынтәи.

Атурнир иалахәын Аԥсны араионқәа рахьтә 45-ҩык ашахматасыҩцәеи иара убас Урыстәылантәи асасцәеи.

Аԥснытәи алахәылацәа рахьтә аԥхьахәтә ҭыԥқәа ргеит аҟәаа: актәи аҭыԥ - Константин Ҭыжәба, аҩбатәи - Богдан Турков, ахԥатәи - Даур Зыхәба.

Аветеранцәа рыбжьара актәи аҭыԥ игеит Владимир Кириушин, Краснодар, аҩбатәи - Борис Наҟәаԥиа, Аҟәа.

16 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ақәыԥшцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Дениель Полеи, Аҟәа, аҩбатәи - Иван Жуков, Москва, ахԥатәи - Аскар Аџьынџьал, Аҟәа. Аҭыԥҳацәа рыбжьара – Сарида Лакәатааԥҳа.

Шахматы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2021
Ашахматтә турнир "Аҟәа Опен - 2021" ахәыҷқәа рыхәҭа хыркәшоуп

Атурнир "В" аҿы, 12 шықәса зхыҵуа рыбжьара, аиааира игеит москватәи ашахматасыҩ Жуков Иван, аҩбатәи аҭыԥ игеит Турков Богдан (Аҟәа), ахԥатәи - Рискин Григори (Москва). Аӡӷабцәа рыбжьара: актәи аҭыԥ - Гәынԥҳа Лана, аҩбатәи - Оҭырԥҳа Лиа, ахԥатәи -  Ериомина Доминика, урҭ зегьы гәдоуҭатәқәоуп.

Аиааира згаз зегьы иранашьан ахраҿақәа, амедалқәа, аԥхьахәқәа, аԥаратә ҳамҭақәа.

Нанҳәа 1-12 рзы имҩаԥысраны иҟоуп атурнир "Аԥсны Опен".

Аԥсны Ашахмат азы афедерациа аиҳабы Константин Ҭыжәба иажәақәа рыла, сынтәа арзаҳалқәа алазҵаз рацәаҩын, аха апандемиа иахҟьаны аӡәырҩы мап рцәыркит. 

Ажәабжьқәа зегьы
0