https://sputnik-abkhazia.info/20260701/1064051510.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥыза-министр зхадараҿы дыҟоу Аԥсны Аиҳабыра рҟны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы акомиссиа аԥҵазарц ажәалагала ҟарҵеит Апарламент аҟны.Абри аҩыза аԥшьгара ҟанаҵеит... 01.07.2026, Sputnik Аҧсны
2026-07-01T18:01+0300
2026-07-01T18:01+0300
2026-07-01T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/01/1064051344_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_8a7dbb644e155bd065849d2af2b3950d.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥыза-министр зхадараҿы дыҟоу Аԥсны Аиҳабыра рҟны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы акомиссиа аԥҵазарц ажәалагала ҟарҵеит Апарламент аҟны.Абри аҩыза аԥшьгара ҟанаҵеит Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак, уи инарҭбаау аилатәара мҩаԥысит иахьа, Ҭемыр Шергелиа ихантәаҩрала. Ихадоу теманы иҟалеит ареспублика аграждантә хьчара асистема аҭагылазаашьа ҷыдақәеи ҳаамҭазтәи ааԥхьарақәеи разыхиара ҳәа аанацҳаит Жәлар Реизара апресс-маҵзура.Адепутатцәа иара убасгьы Апарламент иабжьыргоит хара имгакәа аграждантә хьчаразы азакәан аус адулара иалагарц.
Урыстәылатәи аџьармыкьа былтәыла еиқәыршәоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак.Иара иажәақәа рыла аиԥҟьарақәа аҭыԥ рымоуп, аха урҭ ирласны иаԥыххоит. Новак иара убасгьы иазгәеиҭеит алогистика апроблемақәа ирыхҟьаны хаз игоу абылтәыҭаҭәарҭақәа рҿы адефицит шыҟоу.Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ агәрагара ааирԥшит абылтәы аҭагылазаашьа Урыстәыла аинфлиациатә зыԥшрақәеи ахәқәа реизҳареи уамак анырра рнамҭап ҳәа.Урыстәыла абылтәы аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы ԥхынгәы 31 рҟынӡа абензин аекспорт азин аанкылоуп, адизельтә былтәы аекспорт иаарыхыҩцәам рзы иԥкуп.
Гәдоуҭа Ақалақь амш азгәарҭоит цәыббра 7 рзы.Араионтә Еизара адепутатцәа еицҿакны ишьақәдырӷәӷәеит — Ақалақь амш арыцхәи, араионтә усбарҭақәа рофициалтә документқәеи рсимволикеи рҿы ахархәара зауа ақалақь аофициалтә символика — агерб, алагала иаԥшьгамҭоуп араион ахада Асҭамыр Аргәын, абри атәы аанацҳауеит Гәдоуҭа араион ахадара апресс-маҵзура.
Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт 100 шықәса ахыҵра иазку ашәҟәы "Аԥсуаҭҵаара Ацентр: аҭоурыхи иахьатәи аамҭеи" ҭыжьуп. Аҭҵаарадырратә ҭыжьымҭа автор — 1999 шықәса инаркны 2016 шықәсанӡа аинститут напхгара азҭоз афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Уасил Аҩӡба. Ашәҟәы иануп Аԥсны иналукааша аҭҵаарадырратә еиҿкаарақәа руак аҭоурых азы иаазыркьаҿу аочерк, еиҭаҳәоуп аусбарҭа аԥҵареи, ашьақәгылареи, аҿиареи, ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьеи ретап хадақәа ртәы, иаарԥшуп Аԥсны агуманитартә ҭҵаарадырра аҿиараҿы злагала дуу аинститут аусзуҩцәа русура, еиқәыԥхьаӡоуп еиҳа аҵакы змоу русумҭақәа. Иара убасгьы ацҵаҿы иарбоуп 1993-2025 шықәсқәа рызтәи аинститут аҭыжьымҭақәа рбиблиографиатә еиқәыԥхьаӡа, уи 660 пункт рҟынӡа ыҟоуп. Ашәҟәы "Аԥсуаҭҵаара Ацентр: аҭоурыхи иахьатәи аамҭеи" ҭыҵит "Акьыԥхь Аҩнаҿы", 500 екземплиар атираж аманы.
АК "Аԥсны" амбахьчаҩ Инал Кацәба Амедиалига абыжьбатәи асезон аҟны иреиӷьу асеив мҩаԥигеит ҳәа иалкаааразы абжьыҭара далахәуп.Зыӡбахә азгәаҭоу — Аҟәатәи астадион "Динамо" аҿы Файт Найтс-и "Аԥсни" реицыхәмарраан иҟалаз ахҭыс ауп.Аԥсуа мбахьчаҩ усҟан икоманда еиқәирхеит, изындаҭлоз ашьапылампыласҩы дзасыз ампыл амба ақәырҟьа иаахеит. Иара убас иреиӷьу асеив мҩаԥызгаз ҳәа ралкааразы иқәгылоуп — Ржавыи, Алекс, Махараӡе, Куз, Труба.
Аԥыза-министр зхадараҿы дыҟоу Аԥсны Аиҳабыра рҟны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы акомиссиа аԥҵазарц ажәалагала ҟарҵеит Апарламент аҟны.Абри аҩыза аԥшьгара ҟанаҵеит Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак, уи инарҭбаау аилатәара мҩаԥысит иахьа, Ҭемыр Шергелиа ихантәаҩрала. Ихадоу теманы иҟалеит ареспублика аграждантә хьчара асистема аҭагылазаашьа ҷыдақәеи ҳаамҭазтәи ааԥхьарақәеи разыхиара ҳәа аанацҳаит Жәлар Реизара апресс-маҵзура.Адепутатцәа иара убасгьы Апарламент иабжьыргоит хара имгакәа аграждантә хьчаразы азакәан аус адулара иалагарц. Урыстәылатәи аџьармыкьа былтәыла еиқәыршәоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак.Иара иажәақәа рыла аиԥҟьарақәа аҭыԥ рымоуп, аха урҭ ирласны иаԥыххоит. Новак иара убасгьы иазгәеиҭеит алогистика апроблемақәа ирыхҟьаны хаз игоу абылтәыҭаҭәарҭақәа рҿы адефицит шыҟоу.Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ агәрагара ааирԥшит абылтәы аҭагылазаашьа Урыстәыла аинфлиациатә зыԥшрақәеи ахәқәа реизҳареи уамак анырра рнамҭап ҳәа.Урыстәыла абылтәы аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы ԥхынгәы 31 рҟынӡа абензин аекспорт азин аанкылоуп, адизельтә былтәы аекспорт иаарыхыҩцәам рзы иԥкуп. Гәдоуҭа Ақалақь амш азгәарҭоит цәыббра 7 рзы.Араионтә Еизара адепутатцәа еицҿакны ишьақәдырӷәӷәеит — Ақалақь амш арыцхәи, араионтә усбарҭақәа рофициалтә документқәеи рсимволикеи рҿы ахархәара зауа ақалақь аофициалтә символика — агерб, алагала иаԥшьгамҭоуп араион ахада Асҭамыр Аргәын, абри атәы аанацҳауеит Гәдоуҭа араион ахадара апресс-маҵзура. Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт 100 шықәса ахыҵра иазку ашәҟәы "Аԥсуаҭҵаара Ацентр: аҭоурыхи иахьатәи аамҭеи" ҭыжьуп. Аҭҵаарадырратә ҭыжьымҭа автор — 1999 шықәса инаркны 2016 шықәсанӡа аинститут напхгара азҭоз афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Уасил Аҩӡба. Ашәҟәы иануп Аԥсны иналукааша аҭҵаарадырратә еиҿкаарақәа руак аҭоурых азы иаазыркьаҿу аочерк, еиҭаҳәоуп аусбарҭа аԥҵареи, ашьақәгылареи, аҿиареи, ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьеи ретап хадақәа ртәы, иаарԥшуп Аԥсны агуманитартә ҭҵаарадырра аҿиараҿы злагала дуу аинститут аусзуҩцәа русура, еиқәыԥхьаӡоуп еиҳа аҵакы змоу русумҭақәа. Иара убасгьы ацҵаҿы иарбоуп 1993-2025 шықәсқәа рызтәи аинститут аҭыжьымҭақәа рбиблиографиатә еиқәыԥхьаӡа, уи 660 пункт рҟынӡа ыҟоуп. Ашәҟәы "Аԥсуаҭҵаара Ацентр: аҭоурыхи иахьатәи аамҭеи" ҭыҵит "Акьыԥхь Аҩнаҿы", 500 екземплиар атираж аманы. АК "Аԥсны" амбахьчаҩ Инал Кацәба Амедиалига абыжьбатәи асезон аҟны иреиӷьу асеив мҩаԥигеит ҳәа иалкаааразы абжьыҭара далахәуп.Зыӡбахә азгәаҭоу — Аҟәатәи астадион "Динамо" аҿы Файт Найтс-и "Аԥсни" реицыхәмарраан иҟалаз ахҭыс ауп.Аԥсуа мбахьчаҩ усҟан икоманда еиқәирхеит, изындаҭлоз ашьапылампыласҩы дзасыз ампыл амба ақәырҟьа иаахеит. Иара убас иреиӷьу асеив мҩаԥызгаз ҳәа ралкааразы иқәгылоуп — Ржавыи, Алекс, Махараӡе, Куз, Труба.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/01/1064051344_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_62ebd72673068109e4063ca5ad2e1667.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио