Аԥсны амилициа аковидҿагыларатә ԥкрақәа ишрықәныҟәо иахылаԥшуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРейд милиции по соблюдению антиковидных мер на транспорте
Рейд милиции по соблюдению антиковидных мер на транспорте - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны иалагалоуп асабраданыҟәгара арежим, ауаа раца злахәу аусмҩаԥгатәқәа аԥыхуп иарку ахыбрақәа рҿы акоронавирус иахҟьаны аепидҭагылазаашьа иахҟьаны.

АҞӘА, ԥхынгәы 14 - Sputnik. Аԥсны амилициа аусзуҩцәа атәыла ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҟны акоронавирустә ԥкрақәа ишрықәныҟәо гәарҭоит ҳәа аанацҳауеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

COVID-19 аламырҵәара иазырхоуп агәҽанҵара-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа. Азинхьчаҩцәа атәыла ауаажәлари асасцәеи рахь ааԥхьара ҟарҵоит аилкаара аарԥшны, ҭакԥхықәрала аԥҟарақәа ирықәныҟәаларц. 

Ҷыдала ауҳәозар, амилициа аусзуҩцәа еиҳа амашьына рацәаны ианныҟәо аамҭақәа раан апрофилактәикатә гәаҭарақәа мҩаԥыргоит ауаажәларратә транспорт аҿы, уи арныҟәцаҩцәеи апассаџьырцәеи хымԥада асабрадақәа рҿазароуп. 

Шьапыла иҟоу амилициаа ирҭаауеит ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа: аџьармыкьақәа, ахәаахәҭырҭақәа, акаҳуажәырҭақәа, ақьафурҭақәа. Азинхьчҩцәа ауаажәларратә зинеиҿкаара иахылаԥшуеит, авирус аҽацәыхьчара шаҭаху атәы рҳәоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0