"О, море в Гаграх": Гарик Сукачиови Александр Склиари ирҿыцу ашәа ӡырыргеит

© Sputnik / Акоп Кущян Колесо обозрения в Гагре
Колесо обозрения в Гагре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.07.2021
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа аԥсуа курорт иазку ирҿыцу ашәа адырҳәаларц иргеит Урыстәылатәи аихамҩақәа реилахәыра, иара нарыгӡоит авокзалқәеи Аладатәи ахырхарҭала иныҟәо адәыӷбақәеи рҟны.

АҞӘА, ԥхынгәы 16 – Sputnik. Амузыкантцәа Гарик Сукачиови Александр Склиари ашәа "О, море в Гаграх" аверсиа ҿыц ӡырыргеит, абри атәы Sputnik иазаалыцҳаит артистцәа рхаҭарнак.

Город курорт Гагра  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2021
Ԥхынгәымзазы ҭаацәала аԥсшьара ахьеиӷьаршьо акурортқәа Гагра рылашәеит

Ашәа ҭаҩуп Сукачиов истудиаҿы, иара анылоит цәыббрамзазы иҭыҵраны иҟоу артист иальбом ҿыц "Боцман и Бродяга. Часть 2".

"О, море в Гаграх" ашәа аԥҵан 60-тәи ашықәсқәа рзы, иара иаразнак еицырдыруа иҟалеит. Ашәа адырҳәон Амшын еиқәа аҿықә аҿы иныҟәоз адәыӷбақәа зегьы рыҟны. Ари ашәа аӡәырҩы рыԥсшьара аамҭеи, аԥсабара аԥшӡареи, аҳауа зҩыдеи, амшын ԥхеи, рхәыҷреи ргәаланаршәон.

Усҟантәи аамҭақәа рзы ари ашәа иазыӡырыҩуан амузыкантцәа Гарик Сукачиови Александр Склиари, дара 2021 шықәсазы ирыӡбеит ашәа аԥсҭазаара ҿыц арҭарц, измаҳац иддырҳарц. 

Ашәа шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

Еицырдыруа аԥсуа курорт иазку ирҿыцу ашәа адырҳәаларц иргеит Урыстәылатәи аихамҩақәа реилахәыра, иара нарыгӡоит авокзалқәеи Аладатәи ахырхарҭала иныҟәо адәыӷбақәеи рҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0