Аҟәа Аҳабла ҿыц аҿы иҟалаз аиҿахысра иалахәызи иҟалаз шыҟалази атәы рҳәеит

© SputnikМВД РА
МВД РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра адырра ҟанаҵеит Аҟәа Аҳабла ҿыц аҿы асабша ԥхынгәы 17 рзы ҩыџьа ахьҭахаз аиҿахысра шыҟалаз азы.

АҞӘА, ԥхынгәы 18 - Sputnik. Аԥсны ААР асабша ԥхынгәы 17 рзы иҟалаз ҩыџьа ахьҭахаз аиҿахысра иазкны инарҭбаау аинформациа рыладырҵәеит.

Аҟәа Апрокуратура ԥхынгәы 18 рзы ари ахҭыс азы ашьаус хацнаркит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа. Ашьаус аматериалқәа рыла, ԥхынгәы 17 асааҭ 20:00 рзеиԥш Руслан Гәдалиа, Игорь Гәдалиа, Гарри Аҩӡба, Аслан Зыхәба заанаҵ еибыҳәаны амцабџьари аџьаԥҳани рыманы, изакәанымкәа Аслан Зыхәба зыԥсҟы икыз автомашьына "Nissan Skyline" ала имҩанганы инеит Аҟәа ақалақь В.Лакоба имҩеи Цәыббра 30 амҩеи реихысырҭаҿы игылоу ауарашыжәырҭахь Беслан Ӡыба иқәшәарц. Ари агәыԥ еиҭа хҩык рыцын даҽа машьынак иақәтәаны.

© Foto / facebook / Милиция АбхазииАслан Зыхәба
Аслан Зыхәба  - Sputnik Аҧсны
1/3
Аслан Зыхәба
© Foto / facebook / Милиция АбхазииГарри Аҩӡба
Гарри Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
2/3
Гарри Аҩӡба
© Foto / МВД РА Игорь Гәдалиа
Игорь Гәдалиа - Sputnik Аҧсны
3/3
Игорь Гәдалиа
1/3
Аслан Зыхәба
2/3
Гарри Аҩӡба
3/3
Игорь Гәдалиа

Аиԥылараан Ӡыбеи Руслан Гәдалиеи, Аҩӡбеи, Зыхәбеи аимак рыбжьалеит, аисра иалагеит. Убри аамҭаз Беслан Ӡыба ишьақәыргылам амцабџьар ааҭиган, ишидыруаз Руслан Гәдалиа диеихсны дишьит, Аслан Зыхәба дихәит. Ари зегьы амашьынаҟынтәи избоз ишьақәыргылам автоматтә бџьар змаз Игорь Гәдалиа зеиԥшшәарҭаратә умҭала жәантә еиҵамкәа дхысит ауарашыжәырҭа ахыбраҟны, убас ала Беслан Ӡыба дишьит.

Игор Гәдалиа иганахьала Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 2 апункт "е" ала иазԥхьагәаҭоу ацәгьоуразы (азеиԥшшәарҭаратә умҭала ауаҩшьра) ашьаус хацыркуп. Руслан Гәдалиа, Гарри Аҩӡба, Аслан Зыхәба, Игор Гәдалиа рганахьала Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 217 ахәҭа 2 ала иазԥхьагәаҭоу ацәгьоуразы (абџьар, уи ахәҭа хадақәа, аџьаԥҳаны, иԥжәо амаҭәашьарқәа, иԥжәо амаҭәарқәа изакәанымкәа раахәара, ҽаӡәы иҭара, рыҭира, рыҵәахра, рымҩангара ма рныҟәгара, гәыԥҩык ауаа заанаҵ еибыҳәаны имҩаԥыргаз) ашьаус хацыркуп.

Руслан Гәдалиа ԥхынгәы 18 рзы амилициа аусзуҩцәа дааныркылеит.

Аслан Зыхәба Ареспубликатә хәшәтәырҭаҿы дрыхьчоит. Гарри Аҩӡба иаанкыларазы аоператив-усԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ирыцырҵоит.

Заанаҵтәи ашьаусԥшаара мҩаԥнагоит Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаусԥшааратә гәыԥ.

Ажәабжьқәа зегьы
0