Аҟәа иҟалаз ауаҩшьра ихароуп ҳәа агәызҩара ззыҟоу аӡә дааныркылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМилиция мигалка
Милиция мигалка - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.07.2021
Анапаҵаҩра
Аиҿахысра ҟалеит асабша ԥхынгәы 17 рзы ахәылԥаз, уи иахҟьаны ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит, азәы ахәрақәа иманы ахәшәтәырҭаҿы дышьҭоуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 18 - Sputnik. Ԥхынгәы 17 ахәылбыҽха Аҳабла ҿыц аҿы иҟалаз аиҿахысраан ауаҩшьра ҟаиҵеит ҳәа агәызҩара ззыҟоу ахаҿы даанкылоуп ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Аҟәатәи амилициеи ршьаусԥшааратә усбарҭақәа еицымҩаԥыргаз аоперативтә ԥшаарақәа ирыбзоураны даанкылоуп 1979 шықәса рзы ииз Аҷандара инхо Игор Енварбеи-иԥа Гәдалиа. 

© Foto / МВД РА Игор Енварбеи-иԥа Гәдалиа
Аҟәа иҟалаз ауаҩшьра ихароуп ҳәа агәызҩара ззыҟоу аӡә дааныркылеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.07.2021
Игор Енварбеи-иԥа Гәдалиа

Аусбарҭа адыррақәа рыла, аиҿахысра ҟалеит асааҭ 19:54 рзы, Цәыббра 30 амҩа, №8 аҩны аҿаԥхьа.

Здание генеральной прокуратуры - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.07.2021
Аԥсны Апрокуратура хада Аҟәа иҟалаз аиҿахысразы ашьаус хацнаркит

Ихәыз хҩык ацхыраара рыҭаразы Ареспубликатә хәшәтәырҭахь инаган.

Руслан Гәдалиеи Беслан Ӡыбеи иаразнак рыԥсҭазаара иалҵит, Аслан Зыхәба ареанимациаҟны днаргеит. Аухаҵәҟьа аоперациа изыҟарҵеит. Уажәазы апалатахь диаргахьеит. Уи иԥсҭазаара акгьы аԥырхагам. 

Аԥсны ААР ашьаусԥшаара-оперативтә гәыԥи аексперт-криминалисттә центр аспециалистцәеи аусура иаҿуп. Имҩаԥыргоит ари ацәгьоура ҟазҵаз ахаҿқәа рыԥшааразы ауснагӡатәқәа.

Апрокуратура хада ари ахҭыс азы ашьаус хацнаркит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0