Аԥсны Урыстәылаҟа аҳәара ҟанаҵеит Пицунда ирхәыз рганахьала аусҭҵаара мҩаԥнагарц

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота сотрудников полиции в Московском метрополитене
Работа сотрудников полиции в Московском метрополитене - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.07.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа Филоиани Салимгариеви ахәрақәа роуит "Самшитовая роща" аҵакыраҿы ақьафурҭа "Аԥсны" аҟны рашәара 15 рзы, Ԥлиа данреихс ашьҭахь.

АҞӘА, ԥхынгәы 20 - Sputnik. Аусҭҵааратә усбарҭа иазнархиеит жәларбжьаратәи анапынҵа Урыстәылатәи Афедерациа изыхәҭоу аусбарҭақәа рахь ааха зауз Александр Филоиани Тимур Салимгариеви алархәны Урыстәыла аҵакыраҿы аусҭҵааратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргарц. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.

"Самшитовая роща" аҵакыраҿы ақьафурҭа "Аԥсны" аҟны рашәара 15, асааҭ 00:20 рзы Урыстәыла атәылауаа А. А. Филоиани, Т. Н. Салимгариеви, Д. Ԥлиеи ажәақәа анеимарк ашьҭахь, Ԥлиа аԥсшьаҩцәа дреихсит. Ахәрақәа зауыз Гагратәи ахәшәтәырҭахь инаргеит, анаҩс Урыстәылаҟа ииаргеит. Дмитри Ԥлиа иакәзар иҭирҟьаз ахы бырны иааханы ахәышәтәырҭахь днаган.

архивтә фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2021
Пицунда аԥсшьаҩцәа иреихсыз иганахь ала даҽа шьауӷатә ус хацыркуп

Амилициа ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ҭырҵааит, ашаҳаҭцәа рҿахәы рҿырхит. Иазгәаҭоуп урҭ рҿахәи аҭыԥ аҟынтәи авидеоҭаҩрақәеи ашьаусҭҵааратә материалқәа ишрылаҵо.

Уи адагьы Ԥлиа имашьына ангәарҭоз анаркотикатә маҭәашьар "марихуана" рыԥшааит.

Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Дмитри Ԥлиа ҩымз дырбаандаҩызарц аӡбамҭа аднакылеит рашәара 23 азы. Ԥлиа Дмитри Виктор-иԥа ихараҵоуп абџьар закәаншьаҭада аныҟәгара, гәҭакрыла ауаа ргәабзиареи рыԥсҭазаареи ааха рыҭара. Иара убасгьы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭаҿы ишьҭан Ԥлиа иганахьала даҽа уск – закәаншьаҭада абџьар амазаареи аныҟәгареи рзы.

Уи азинеилагара аҭыԥ аман 2021 шықәса лаҵарамзазы. Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны ацәгьоура ҟазҵаз даҽазнык иҟаиҵаз ацәгьоура актәи иадҳәалазарц азы ашьаус аргьежьра азин ахьыҟанаҵо инақәыршәаны, арҭ аусқәа рыҩбагьы еицҵаны иус рыӡбарц азыҳәа ҟаҵан.

Ихиоуп аӡбара-медицинатә, аӡбара-баллистикатә, ахимиатә, анацәаҭыԥахыхра  аекспертизақәа. Шаҳаҭга маҭәарны иазгәаҭоуп атапанча иҭҟьаз апатронақәа.

Арҭ аҩ-уск еицҵаны аусҭҵаара мҩаԥнагоит Гагра араион ААР аусҭҵааратә ҟәша.

Ажәабжьқәа зегьы
0