Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Анхәа ақыҭан иҟалаз ауаҩшьразы аус аиҭаҭҵаарахь инанашьҭит

© Sputnik / Томас ТхайцукСудейский молоток
Судейский молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.07.2021
Анапаҵаҩра
65 шықәса зхыҵуаз Ҭимыр Ахба иԥсыбаҩ ԥшаан Гәдоуҭа араион Анхәа ақыҭан амҩахәасҭақәа руак аҟны, ажьырныҳәа 5 аҽны. Ашьра ҟаиҵеит ҳәа азыԥхьаӡан Роман Аргәын.

АҞӘА, ԥхынгәы 30 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ҭимыр Ахба ишьраҿы хара идым ҳәа Роман Аргәын иазхаҵаразы ахарадҵара аган ашшыԥхьыӡ иақәшаҳаҭны аиҭаусҭҵаарахь инанашьҭит.

Ахарадҵаратә ган ргәаанагарала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азхьамԥшит Ҭимыр Ахба иԥсыбаҩ Роман Аргәын иашьа Рауль Аргәын Анаҟәаԥиа ашьапаҿы иахьиԥшааз. Уи аҭыԥ идыруан иашьа иажәақәа рыла. Уи адагьы аус ашаҳаҭцәа ражәақәа рыла, зус рыӡбои ишьуи рыбжьара аизыҟазаашьақәа бааԥсын аԥсшьарҭатә база "КбГу" аҭира иахҟьаны. Абри аимак ауп ауаҩшьрагьы зхылҿиааз.

Ҭимыр Ахба абаза адиректорс дыҟан, ихаҭыԥуаҩыс дыҟан иахьазы зыԥсҭазаара иалҵхьоу Гыд Аргәын. Апансионат аҳәынҭқарра иамазаран, аха қьырала игеит афирма "Новейший Афон" ахатәтәҩы Агрба Беслан. Ахарадҵаратә ган иаԥхьаӡоит Роман Аргәын Гыд Аргәын дишьҭрақәлаҩны ихы иԥхьаӡон ҳәа. Уи ауп аганқәа иреимакыраз. Агрба Беслани егьырҭ ахаҿқәеи рыбжьара ахатәтәразы аофициалтә еиқәшаҳаҭра ыҟазу иҟамзу, Ахба алаӡаразы аԥара иоуу имоуу шьақәыргылам.

"Аӡбарҭа ахәшьара анамҭеит ашаҳаҭцәа Керсилиани Петикиани рҿахәы, зус рыӡбо иԥҳәыс Петикиан ҭелла 10 000 мааҭ лиҭарц дышиҳәаз, лхаҵа ауаҩы дшишьыз шылҳәаз. Ари ауаҩшьра адырҩаҽноуп ианыҟалаз. Анаҩс ашаҳаҭцәа ирҳәахьаз мап ацәыркит. Дара рҿахәы азхьаԥшра аҭамызт",- рҳәоит ахарадҵаҩцәа.

Иара убасгьы аус  аматериалқәа рыла Аргәынаа рхаҭарнакцәа Ахаа аԥсыжрахь инарышьҭырц ирыҳәеит, аҭамзаара шьҭарҵеит.

Сухумский Городской суд  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2021
Анхәа ақыҭан ауаҩшьра ҟаиҵеит ҳәа агәҩара ззыҟаз ахаҵа аӡбарҭа аҟынтә доушьҭуп

"Аӡбарҭа азхьамԥшит Аргәын иаанкылара аҭагылазаашьагьы. Иара даанкылан Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа ажьырныҳәа 6 азы иахысраан", - азгәарҭоит ахарадҵаратә ганаа.

Арыцҳара иақәшәаз аган адукат Мадина Лазаревагьы ахарадҵаратә ган дадгылан илҳәоит аӡбарҭа иашамкәа ахәшьара ҟанаҵеит ҳәа.

Ахара здырҵо идукат Инга Габилаиаԥҳа илҳәоит ақалақьтә еизара аӡбамҭа иашоуп, илыхьчо ахаҿы хара идым ҳәа.
Габилаиаԥҳа илҳәеит Гыд Аргәын иԥҳәыс ианлазҵаауаз ишылҳәаз Роман Аргәын асанаториа "КбГу" аҭира ахәԥсахәҭа шлыдимгалацыз, иҭаацәа рҟынтәгьы аӡәгьы ахбра аҭира ишалахәымыз.

"Дыҟам аӡәгьы Роман Аргәын асанаториа акала дадҳәалан ҳәа зҳәо", - азгәалҭоит адукат.

Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа аӡбамҭала Роман Аргәын ихара шьақәырӷәӷәам, ажьырныҳәа 5 рзы, Анхәа ақыҭан зыԥсыбаҩ ԥшааз Ҭимыр Ахба дишьит ҳәа агәҩарала.

Иара убас аӡбарҭа Аргәын -Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа Егры аӡиас ала изакәанымкәа дахыҵит ҳәа идырҵоз ахара шьақәырӷәӷәам ҳәа ахнаҳәааит.

Аргәын арҭ ацәгьоурақәа рзы ахара ихырхит, аха абџьар закәаншьаҭада аахәара, аҭира, аҵәахра, амҩангара, аныҟәгареи рзы ахәҭаҷ ала хышықәса ҭакрала ихгазарц иқәнаҵеит. Роман Аргәын ихы дақәиҭтәын Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш 27 шықәса ахыҵра ахьӡала ирылаҳәаз амнистиа дахьаҵанакыз иабзоураны.

Ҭимыр Ахба ишьразы ашьауӷатә ус Апрокуратура хадахьы иргьежьуп ауаҩшьра ҟазҵаз ишьақәыргыларазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0