Урыстәылатәи аихамҩақәа Очамчыратәи абаӷәазахь аидарамҩангагақәа рынашьҭра рыгәҭакуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЖелезнодорожные пути
Железнодорожные пути - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.08.2021
Анапаҵаҩра
Очамчыратәи абаӷәаза акыр иманшәалахеит, алшарақәа еизҳаит быжь-метраки бжаки рҟынӡа амшын аҵа аныдрыцқьа ашьҭахь.
АҞӘА, нанҳәа 1 – Sputnik. Урыстәылатәи аихамҩақәа Очамчыратәи абаӷәазахь аидарамҩангагақәа рынашьҭра рыгәҭакуп, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Аԥсны аихамҩа" аиҳабы ицхырааҩ Октаи Хазириши.
Железная дорога - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.06.2021
Аԥсны аихамҩа сынтәа актәи аԥшьбарак азы иарҳаз бжьынтә еиҳауп ҵыԥх аасҭа
"Уажә ааигәа ЗАҲә "Урыстәылатәи аихамҩақәа" аҟынтәи ашәҟәы ҳзааит аидарамҩангагақәа рыдкыларазы Очамчыратәи абаӷәаза иамоу алшарақәа аилкааразы. Абаӷәазаусзуҩцәа асқьала быжь-метраки бжаки рҟынӡа аҵа дрыцқьеит. Уажәшьҭа аӷба дуқәа рыдкыларазы алшара ыҟоуп", - иҳәеит иара.
Хазириши иажәақәа рыла, Урыстәылатәи аихамҩақәа Очамчыратәи абаӷәазахь аидарамҩангагақәа рынашьҭра иалагоит ажьырныҳәа 1, 2022 шықәсанӡа.
"Аԥсны аихамҩа" аиҳабы Арсоу Ҷыҭанаа идҵала аихамҩатә цәаҳәақәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу аилкааразы аусурақәа ирылаган, аихамҩақәа аидарамҩангагақәа рнысыртә еиԥш аиҭашьақәыргыларақәа напы аркын. Аусурақәа ирылагеит ԥхынгәы аҽеиҩшамҭаз, ихыркәшахоит нанҳәа 10 рзы.
Иахьазы Очамчыратәи аихамҩатә станциа инаркны абаӷәазанӡа инагоу аихамҩатә цәаҳәақәа ррыцқьара мҩаԥысуеит, иҳәеит Хазириши.
Ажәабжьқәа зегьы
0