Аԥсны аҳәынҭусзуҩцәа ашәахтә усбарҭахь рхашәалақәеи, рмазареи рзы ашәҟәы аларҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукДокумент
Документ  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.08.2021
Анапаҵаҩра
"Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" аҵыхәтәантәи ариашарақәа злагалоу азакәан амчра аиуит 2021 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны. Ахашәалақәа ашәҟәы иҭагалатәын нанҳәа 1 рҟынӡа.
АҞӘА, нанҳәа 1 – Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаби, Аминистрцәа реилазаара аппарат ачынауааи аусзуҩцәеи Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистррахь рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи рзы ашәҟәы аларҵеит, абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.
Подпись документов  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.07.2021
Аԥсны ашәахтәқәа рминистрраҿы ирҳәеит ахашәалазы адекларациақәа рхарҭәаашьа
Иара убас имазара азы ашәҟәы хаирҭәааит Аԥсны акультура аминистр Гудиса Агрба, абри атәы аанацҳауеит акультура аминистрра асаит.
Аԥсны апрокурор хада Адгур Агрбеи, апрокуратура аусзуҩцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи рзы адекларациа хадырҭәааит.
Аҵыхәтәантәи ариашарақәа злагалоу "Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан амчра аиуеит 2021 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны. Ариашара хадақәа ирыҵанакит адекларант иҭаацәа. Азакәан инақәыршәаны рхашәалақәеи, рмазареи рзы ачынуаа рхаҭақәа рыдагьы урҭ рыҳәса, рхацәа, зықәра намӡац, зықәра наӡахьоу рыхшара, рашьцәа, раҳәшьцәа рзгьы адекларациа аҟны иарбатәуп. Иара убас ахадарахьы акандидатцәеи адепутатцәеи рдекларациақәа нарышьҭлароуп алхратә комиссиахь еиԥш ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистррахьгьы.
Ажәабжьқәа зегьы
0