Аԥснытәи ақалақь "акадифаамҭаз" аԥсшьара ахьалырхуа аҭыԥқәа ирхыԥхьаӡалоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукТуристы в Новом Афоне
Туристы в Новом Афоне  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.08.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсшьаразы анхарҭа ахьҿарҵо амаҵзура TVIL.RU иалнакааит "акадифаамҭаз" ҩыџьаны аԥсшьараз еиҳа иалырхуа аҭыԥқәа.
АҞӘА, нанҳәа 3 - Sputnik. Афон ҿыц "акадифаамҭаз" ҩыџьа рыԥсшьараз еиҳа иахьалыркаауа аҭыԥқәа иреиуоуп ҳәа аанацҳауеит TVIL.RU.
Амаҵзура астатистикала атуристцәа ари аамҭазы аиҳарак 1 - 10 уахы рзы аҭыԥқәа ҿарҵоит, ари аамҭала уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа 1,5 - 6 нызқь мааҭ рныхра иазыхиоуп.
Аԥсшьараз зегь раасҭа ахәқәа мариоуп Афон ҿыц, иҳаракуп — Лахденпохьиа. Аромантикатә ԥсшьараз иалырхуеит Иалтеи Шәачеи.
Ахырхарҭақәа жәаба рсиа:
  • Иалта - 3 559 мааҭ 8 уахык
  • Шәача - 2 195 мааҭ 9 уахык
  • Санкт-Петербург - 2 944 мааҭ 5 уахык
  • Афон ҿыц - 1 456 мааҭ 10 уахык
  • Лахденпохьиа - 6 019 мааҭ 7 уахык
  • Ростов-на-Дону - 2 165 мааҭ 1 уахык
  • Калининград - 1 955 мааҭ 6,5 уахы
  • Казань - 2 062 мааҭ 4 уахык
  • Кисловодск - 1 691 мааҭ 10 уахык
  • Воронеж - 1 912 мааҭ 6 уахык.
Асиа шьақәыргылоуп 2021 шықәса нанҳәа-цәыббра рзтәи аҿаҵарақәа рыла.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
 
Ажәабжьқәа зегьы
0