Ҳашԥсытәи аиҩхаа иахьаҵанакуаз иӡыз атурист дрыԥшааит

© Foto / facebook / МЧС АбхазииЖитель Казани Камиль Фаттахов
Житель Казани Камиль Фаттахов - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.08.2021
Анапаҵаҩра
Ҳашԥсытәи аиҩхаа иахьаҵанакуа иӡыз атурист иԥшаара напалакын нанҳәа 18 азы.
АҞӘА, нанҳәа 19 - Sputnik. 2006 шықәсазы ииз Казантәи атурист Камил Фаттахов дрыԥшааит Ҳашԥсытәи аиҩхаа иахьаҵанакуа, ицламҳәа, ишьапы, ижәҩахыр ааха рыманы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Ақәыԥш иажәақәа рыла, иара аиҩхааҿы данынеиааиуаз ахра даҿҟьеит. Уажәы Гагратәи ахәышәтәырҭахь днаргеит.
Аԥшаарақәа мҩаԥыргон Аԥсны АҶА аԥшаара-еиқәырхаратә гәыԥи, алақәа рыла иԥшаауа агәыԥи, Гагра араион амцарцәара-еиқәырхаратә гәыԥи русзуҩцәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны АҶА зхабар ыҟам Казантәи атурист иԥшаара иаҿуп
Ажәабжьқәа зегьы
0