Аԥшаах ҷыда: археологцәа Очамчыра атсалых ҭоубыҭ рыԥшааит

© Foto / Facebook/Аркадий ДжопуаОчамчирская экспедиция
Очамчирская экспедиция - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.08.2021
Анапаҵаҩра
Очамчыра, антикатәи ақалақь Гиуенос ахьыҟаз аҭыԥ аҿы урыстәылатәии аԥснытәии археологцәа хышықәса ирықәуп аҭҵаара-аԥшаарақәа мҩаԥыргоижьҭеи.
АҞӘА, нанҳәа 23 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҭҵааҩцәа Гиуенос аҭыԥ аҿы адаздам аԥшаах рымԥыхьашәеит – атсалых ҭоубыҭ ҳера V-VI ашәышықәсақәа раамҭа иаҵанакуа. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аекспедициа алахәыла, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи адиректор Аркади Џьапуа.
"Ари ииашаҵәҟьаны адунеитә археологиазгьы аҵакы змоу ԥшаахуп. Ареспублика иахьаҵанакуаз уаанӡагьы ирбалон аҭоубыҭқәа, аха урҭ хаҳәлыхын. Атсарҭәа иалху аҭоубыҭ раԥхьаӡа акәны иԥшаауп", - иҳәеит иара.
Аҭоубыҭ рбеит Гиуенос ауахәама иацәыхарамкәа иҳәеит иара.
Сурам Сакания - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.08.2021
Арадио
Сақаниа Маркәыла иԥшааз ажәытә ҳаԥшьақәа рзы: еиҳагьы сеигәырӷьон урҭ сахьақәак рнызҭгьы
"Артефакт ԥшаан Сергеи Мирон-иԥа Шамба аԥшаарақәа ахьымҩаԥигоз. Аибашьра алагара иахҟьаны усҟан иара иусурақәа изынамыгӡеит", - ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа.
Атсалых ҭоубыҭқәа ирҭаҵаны иржуаз ауахәама амаҵуцәа ма ауаа дырқәа, аиҳабыра ракәын ҳәа азгәеиҭеит Аркади Џьопуа.
"Макьаназ аҭҵаарақәа ҳарҿуп. Аматериал аус анадаауылалак аиҭашьақәыргылаҩцәеи аҟазауааи адҳаԥхьалоит" ҳәа иҳәеит иара.
Аҭоубыҭ аҩнуҵҟа ирбеит аԥсыбаҩ, еиуеиԥшым амаҭәарқәа. Аха урҭ инарҭбааны рылацәажәара ҳалшоит иҵегьы ианҭаҳҵаалак ҳәа иҳәеит амузеи адиректор.
Ажәабжьқәа зегьы
0