Аԥшатлакә ахҟьаԥҟьақәа шаԥырырхуа атәы рҳәеит Аминистрцәа реилазаараҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукКабинет министров
Кабинет министров  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2021
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы ԥшьба азы ареспубликаҿы аҭыԥ змаз амшцәгьақәа акыр аԥхасҭа ҟанаҵеит араионқәа зегь рыҟны еиԥш аҳҭнықалақь аҟынгьы.
АҞӘА, цәыббра 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа реилазаара Аппарат анапхгаҩы Давид Сангәлиа аҳасабырба ҟаиҵеит аԥшатлакә ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы акомиссиа аусуразы.
"Ԥхынгәы 16 инаркны цәыббра 9 аҟынӡа 11 еилатәара мҩаԥнагеит акомиссиа. Уахь аматериалқәа нарышьҭуан аҭыԥантәи анапхгараҭарақәеи аиҿкаарақәеи. Адокументқәа зегьы аҳәынҭқарратә експертиза иахысуан", - иҳәеит иара.
Последствия затопления города Сухум  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.08.2021
Аԥсны иҟалаз амшцәгьа 80 миллион мааҭ рыхә аԥхасҭа ҟанаҵеит
Гәылрыԥшь араион аҟны ирыхәаԥшын 9 миллионки 484 нызқь мааҭ зыртәо аԥхасҭазы аматериалқәа.
"17-ҩык рыԥхасҭа ахә шьан 5 миллионки 363 нызқь мааҭ ҳәа, ауадаҩнқәа ҩба –290 нызқь мааҭ ҳәа, Кацикыҭ ашкол - 3 миллионки 830 нызқь мааҭ ҳәа" - иҳәеит Сангәлиа.
Аҟәа арион аԥхасҭа ахә шьоуп 10 миллион мааҭ ҳәа: 39 атәылауаа 4,5 миллион мааҭ рыхә аԥхасҭа роуит. Ауадаҩнқәа ҩба - 2,5 миллион мааҭ рыхә.
"Аинфраструктуратә ргыларақәа рганахь ала ааха роуит Ешыратәи ашкол, Ешыра ақыҭа ахадара, МУП "Дружба" (Ӡыгәҭа) - 2 миллионки 972 нызқь мааҭ ҳәа рыхә шьоуп" - иҳәеит иара.
Гәдоуҭа араион аҿы 14 миллион мааҭ аԥхасҭа ҟалеит: 54 тәылауаа рыԥхасҭа ахә 12 миллиони 310 нызқь мааҭ артәеит, ауадаҩнқәа ҩба –миллионки 709 нызқь мааҭ", - иҳәеит Давид Сангәлиа.
Артемон Габилаиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2021
Арадио
Габилаиа еиҭеиҳәеит, амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа ашьҭахь анхацәа аԥара рызшәара ианалаго
Очамчыра араион 838 нызқь мааҭ аԥхасҭа ақәшәеит. 15 тәылауаа рзы –787 нызқь мааҭ, Акультура аҩныи Ҷлоу ақыҭа ахадареи – 50 000 мааҭ.
"Аҟәа ақалақь 75 миллион 180 нызқь мааҭ аԥхасҭа аиуит: - 74 тәылауаа: 11,5 миллион мааҭ, 19 автомашьына - 3,5 миллион мааҭ, аргыларақәа 10 - 26,5 миллион мааҭ", - иҳәеит иара.
Аԥшатлакә иахҟьаз аԥхасҭа ахәшьара иааидкыланы 109 миллион мааҭ итәоит.
Макьаназы 199 тәылауаа рматериалқәа гәарҭоит.
Давид Сангәлиа инаҵшьны иазгәеиҭеит аӡхыҵра иахҟьаз аԥхасҭа ахәшьара акыр ишыуадаҩу, абзазаратә мыругақәеи ауаа рмазареи ирацәаны ааха ахьрымоу азы.
Ԥхынгәы ԥшьба азы ареспубликаҿы аҭыԥ змаз амшцәгьақәа акыр аԥхасҭа ҟарҵеит. Аԥшаӷьы аҩнқәа рхыбқәа рыхнахит, аҵлақәа канажьит, атәыла ахәҭак лашарада иаанхеит. Амшынеисраан Гагра урыстәылатәи атурист дҭахеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0