Sputnik амчыбжь: абылтәы азы аилаҩеиласра, амашәырқәа, аныхтәқәеи ахашәалеи

© Sputnik / Томас ТхайцукТопливный пистолет
Топливный пистолет - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2021
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны цәыббар 6-12 азы Аԥсны иҟалаз ахҭысқәа реидкыла азнархиеит.
Ииасыз амчыбжь азы атәыла аиҳабыра алацәажәеит  акоронавирустә ҭагылазаашьа,  абылтәы аџьармыкьаҿы аҭагылазаашьа, Афинансқәа рминистрра абиуџьет азы аҳасабырба ҟанаҵеит, 2021 шықәсазы абиуџьет иаҵанакуа рулафахәы иалацәажәеит. Арҭи егьырҭ ажәабжьқәеи ҳаизгаҿы.
 Sputnik

Акоронавирус аҿагылара

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Гәдоуҭа араион ахадараҿы аоперативтә штаб аилацәажәара мҩаԥигеит. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр иажәақәа рыла иахьазы коронавирустә инфекциа ареспубликаҿ алаҵәара ахылаԥшра ауҭартә иҟоуп.
Асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик иазгәалҭеит COVID-19 маҷк ишьақәтәо ишалагаз.
Министр здравоохранения Эдуард Бутба провел в Администрации Гудаутского района выездное совещание Оперативного штаба по защите населения от коронавирусной инфекции.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2021
Апандемиатә ҭагылазаашьа иалацәажәеит Гәдоуҭа араион аҿы
Ахәыҷтәы хәшәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьапуа иҳәеит ахәыҷқәа рыбжьара COVID-19 шмаҷхаз. Аԥхынразы уахыки-ҽнаки рыла 130 амбулатортә чымазцәа амедусҳәарҭахь ишыдҵаалоз, аиҳараҩык ротавирустә инфекциа рыманы. Ирацәаҩын атуристцәагьы.
Агәабзиарахьчара аминистрра ахәшәқәеи амедицинатә хархәагақәеи рыҟәша аиҳабы Ахра Аџьба иҳәеит иааиуа амчыбжь азы ахәшә "Артлегиа" 50 ҭоԥи ахәшә  "Актемра" ҭоԥи Аԥсныҟа иааргараны ишыҟоу. Иара иҳәеит ахәышәтәырҭақәа иахәҭоу хәшәыла ишеибыҭоу.
Ашколхәыҷқәа рыбжьара COVID-19 аҟазаара иацло иубом ҳәа иҳәеит ареспублика агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аминитсрцәа реилазаара аилатәараҿы цәыббра 10 азы.
"Ҳареи ҳсанитар-епидемиологиатә маҵзурақәеи ари хылаԥшра аҳҭоит. Акызаҵәык аҭаацәа ҳрыҳәоит ахәыҷқәа ашкол ахь ианнаргои ианыргои рҽеизырымкларц", - ҳәа иҳәеит иара.
COVID-19 аԥырҟәҟәаразы ауснагӡатәқәа ирзырхоу аԥарақәа реиҳарак ахәшәқәеи амедицинатә хархәагақәеи раахәаразы инырхуеит.
Афинансқәа рминистр Владимир Делба коронавирус азы аныхрақәа ҳасабырба рзыҟаиҵеит:  абри аус аганахь ала аҳәынҭқарра 547 миллион мааҭ ахарџь ҟанаҵахьеит.
102 миллион мааҭ рыхә ахәшәқәеи ахархәагақәеи аахәоуп, 16 миллион мааҭ рыхә – аҵәыҵәри, есымза 4 - 6 миллион мааҭ Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь ахь инарышьҭуеит.
Массовая вакцинация от COVID-19 в России - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.09.2021
Агәабзиарахьчара аминистрраҿ ашколхәыҷқәа рыбжьара авирус аҟазаара атәы иалацәажәеит
Делба иҳәеит 2020 шықәса мшаԥымза инаркны 2021 шықәса ԥхынгәымзанӡа амедусзуҩцәа ршәарацҵа  иартәеит 135 миллиони 600 нызқь мааҭ ҳәа.
Цәыббра 8 азы  Аҟәа ауааԥсыра миллионки 724 нызқь мааҭ еизганы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра иарҭеит акоронавирустә чымазара аҿагыларазы.
Арҭ аԥарақәа реиҳарак аужьхоит ахәшәқәа раахәареи Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭазы ахархәагақәа раахәареи.
Очамчыратәии Тҟәарчалтәии ахәышәтәырҭақәа 200-200 нызқьмааҭ рзынашьҭхоит. Аҟәатәи амбулатортә центргьы атранспорт ҷыда аахәаразы ацхыраара аҭахоит.

Абылтәы азы аилаҩеиласрақәа

Цәыббра алагамҭазы Аԥсны абылтәы ҭаҭәарҭақәа рҿы агәаранқәа шьақәгыло иалагеит. Аԥсны абылтәы аҟамзаара Аҩада-Кавказтәи аихамҩаҿы адәыӷбақәа рырацәареи уи иахҟьаз аишьҭагылақәеи ирыхҟьоит.
Аԥсны Урыстәыла аихамҩа ахь иҟанаҵаз азыҳәақәа зегьы аҭак роуит. Абылтәы аазгоз авагонқәа ырццакуп, иҳәеит аԥыза-министр Александр Анқәаб аиҳабыра реилатәараҿы.
Очередь на заправках Абхазии   - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2021
Анқәаб далацәажәеит Аԥсныҟа абылтәы аазгоз авагонқәа раамҭа аиԥҟьара
Бжьаратәла Аԥсныҟа абылтәы аагара 7-10 мшы ракәзар иаҭахыз, нанҳәамзазы уи ҩынтәны еиҳахеит. Аилахара иахҟьаны Аԥсныҟа иааргоз аидарақәа рыхәҭак Чечентәыла иалсны иаауа идәықәырҵеит, лҳәеит аилатәараҿы аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.
"Нанҳәамзазы Аԥсныҟа иаагаз 223 вагон, мызкы иагханы ауп ишааз. Аамҭехшарала урҭ ԥхынгәымзазы Цандрыԥшь игылазар акәын ", - лҳәеит Озган.
Лара лажәақәа рыла, 395 вагони даҽа 104 коммерциатә вагони ареспубликахь ихьшәаны иааит. Зынӡа, 722 вагон мызки бжаки инарыцны раамҭа иахыԥаны иааит".

Афинанстә ҳасабырбақәа

Цәыббра 10 азы Афинансқәа рминистр Владимир Делба Аԥсуа телехәаԥшраҿы апресс-конференциа мҩаԥигеит.
Апресс-конференциаҿы Делба иҳәеит  аԥсабаратә рыцҳарақәа ирыхҟьаны ааха зауыз атәылауаа 4,5 миллион мааҭ шырзыршәахьоу.
Аминистр иҳәеит абри аус аҟны Урыстәыла ацхыраара ишаҳәахьоу.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит 2021 шықәсазы  абиуџьет аусзуҩцәа рулафахәы ишацло: арҵаҩцәа  21 000 роуа иалагоит, ашколқәраҟынӡатәи арҵаҩцәа– 18 800 мааҭ,  апрофессионалтә ҵара арҵаҩцәа - 27 000 мааҭ, аҭҵаарадырратә усзуҩцәа– 23 000 мааҭ, аҳақьымцәа – 28 900 мааҭ, акультура аусзуҩцәа – 16 000 мааҭ,  асоциалтә усзуҩцәа– 12 000 мааҭ.
Делба иҳәеит абри азы абиуџьет аҟынтәи  275 миллион мааҭ шшәахо.
Иара убасгьы дазааҭгылеит аԥсуа тәанчахәы ашәаразы  аҳәынҭқарра ауал 66 миллион мааҭ шыҟоу, мызкгьы ишеиҵахо.

Амашәырқәа

36 шықәса зхыҵуаз Ареспублика Башкортостан ақалақь Белобои аҟынтәи атурист Алексеи Ветров 40 метра иҟаз аҿҟьараҟынтә дкаҳан дҭахеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Арыцҳара ҟалеит Захаровка ақыҭа, Шакәырантәи аӡхыҽҽаҿы цәыббра 9 аҽны. АҶА аҷаԥшьаҩ иахь аҭел иасит асааҭ 14:15 рзы.
Аԥсны АҶА аусзуҩцәа сакасала аԥсыбаҩ амҩа аҟынӡа инаргеит, уантәи Ареспубликатә хәшәтәырҭа аԥсышьҭаҵарҭахь иргеит.
Цәыббра 11 азы 29-шықәса зхыҵуа Воронеж инхо Сергеи Пучков Гагра анаԥшааԥшырҭаҟынтә  100 метрак даҿҟьеит.   Гагратәи ПСО аусзуҩцәа иара нышьла  амедусзуҩцәа дрызнаргеит. Пучков араионтә хәышәтәырҭаҿы дышьҭоуп, иԥсҭазаара шәарҭара амам.

Миграниан иԥылара

Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа Москватәи аҳәынҭқарратә институт, аполитологиа акафедра апрофессор Андраник Миграниани ААУ астудентцәеи арҵаҩцәеи реиԥылара мҩаԥысит цәыббра 9 азы.
Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа Москватәи аҳәынҭқарратә институт, аполитологиа акафедра апрофессор Андраник Миграниани астудентцәеи реиԥылара еиҿнакааит Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла амедиаклуб "Формат-А3" адгыларала.
Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны аҭоурыхдырыҩ далацәажәеит жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҟны Аԥсны инанагӡо ароль, атәыла аҿиара аԥеиԥшқәеи ауадаҩрақәеи ртәы.
Андраник Мигранян - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2021
Урыстәылатәи аҭоурыхдырыҩ Андраник Миграниан ААУ астудентцәа дырԥылеит
Миграниан игәаанагарала Аԥсны ахьыԥшымра аиуреи амилаҭтә ҳәынҭқарра ашьақәыргылареи афантастикатә ҟазшьа рымоуп. Аха убри аан, аамаҭқәак раԥхьа аҿиара иалагаз атәылақәа зегь реиԥш Аԥснгьы ахатә уадаҩрақәа амоуп.
Азал аҟынтәи иоуз азҵаара "Иҟалар алшома Урыстәылеи Қырҭтәылеи реизааигәара?" Миграниан иҟалом ҳәа ахиҳәааит.
"Қырҭтәыла агәра угартә еиԥш аҟалара залшом. Урыстәылазы ипатударахоит Аԥсны азхаҵара мап ацәкра. Ԥхьаҟа арҭ атәылақәа реизыҟазаашьа еиӷьхаргьы Аԥсны Қырҭтәыла иахәҭакны аҟаҵара залшом", - иҳәеит иара.

РУСДРАМ аиубилеи

РУСДРАМ аҭоурых ашьапы акит аспектакль "Ашәҭ ҟаԥшь" ала. Цәыббра 7, 1981 шықәсазы Аҟәатәи Ахәаԥшҩы қәыԥш итеатр Аԥсуа драматә театр асценаҿы раԥхьатәи аспектакль – алакә "Ашәҭ ҟаԥшь" ықәиргылеит арежиссиор Михаил Мархолиа.
Аҟәатәи Ахәаԥшҩы қәыԥш итеатр аԥхьанатә ахатә хыбра амамызт. Арепетициақәа еиуеиԥшым асценақәа рҿы имҩаԥнагон.
Аспектакльқәа Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҿы иддырбон.
Русский Драматический театр  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.09.2021
Искандер ихьӡ зху атеатр РУСДРАМ 40 шықәса ахыҵит
1988 шықәсазы атеатр ахатә сцена аиуит. 1991 шықәсазы астатусгьы ԥсаххеит, адраматә театрны ишьақәдыргылеит.
Аибашьра ашьҭахь атеатр акыр ауадаҩрақәа ахнагеит. Аибашьраан иблит ахыбра ахаҭа. Атруппа еимпит. Иҿыцны актиортә еилазаара еидкылатәхеит. Аха иахьазы урҭ апроблемақәа зегьы аԥыхуп.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр 40 шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит.
"Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Ф.А. Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр аԥҵоижьҭеи 40 шықәса аҵра амш.
Аурыс драматә театр – зҭоурых иналукааша аартрақәеи, хашҭшьа змам аспектакльқәеи, иҿымцәаауа рҿиаратә гәазыҳәаралеи иҭәу культуратә ҭынханы иҳамоуп. Иахьагьы жәашықәса раԥхьеиԥш, Аурыс драматә театр аҟазара иҳараку аестетикатә идеалқәа еиламгакәа, убри аан ҳазҭагылоу аамҭагьы аҽақәыршәаны, иҿыцу асахьаркыратә аартрақәа хырхарҭас ишьҭнахит", - ҳәа аҳәоит адныҳәаларатә текст.

Асаркьаԥсара уанықәсуа

Раԥхьаӡа акәны Аԥсны, Гагра араион Бзыԥтәи аиҩхааҿы ицәырҵуеит асаркьалых-цҳа.
Апроект алахәыла Мурман Ԥкьын иажәақәа рыла, ари аинфраструктуратә обиектргылара иаԥшьгамҭоуп анаплакҩы Дмитри Кокосқьериа.
"Ацҳа, уажә ҳахьыҟоу ақьафурҭа  иадҳәалахоит. Ианааҳартлак ашьҭахь ҳасасцәа ироуеит алшара зыҵа саркьалыху ацҳала Бзыԥ аӡиас ирсны абнара иагәҭылаку адәҳәыԥш аҿы анеиааира. Ацҳаҿ иара убасгьы иргылахоит астолқәа", - ҳәа иҳәоит  Ԥкьын.
Стеклянный мост  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2021
Раԥхьаӡа акәны Аԥсны идыргылоит асаркьалых-цҳа
Иара иҳәеит апроект шыуадаҩу, ахәгьы шмаҷым. Аусурақәа ирылагаанӡа иаарыԥхьеит аргылара, агеодезиа, архитектура аусхкқәа ирызҟазоу аспециалистцәа. Абетонтә шьаҟақәа рыргыларазы аамҭакала аӡы мҩахыргар акәхеит. Ашьаҟақәа хԥаҟа метра адгьыл иҵацалоуп.
Ацҳаргылара иаҿуижьҭеи ҩышықәса ирықәуп. 30 метра  зоура ыҟоу асаркьалых-цҳа аргылара хыркәшахап ҳәа иазырыԥхьаӡоит  апроект авторцәа 2022 шықәса аԥхын алагамҭаз, афинанстә ҭагылазаашьа маншәалахар, апандемиа ԥырхага ҟанамҵар.
Ажәабжьқәа зегьы
0