Бадра Гәынба Урыстәылатәи Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа реиҿкааразы аилацәажәара мҩаԥигеит

© Sputnik / Асмат Цвижба Совещание по организации выборов в Госдуму в Абхазии
Совещание по организации выборов в Госдуму в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2021
Анапаҵаҩра
Цәыббра 19 азы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раан Аԥсны иахьаҵанакуа абжьыҭаратә ҭыԥқәа жәба аадыртуеит. Абжьыҭара алшоит Аҟәа, Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Бамбора, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал.
АҞӘА, цәыббра 13– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Урыстәылатәи Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа реиҿкааразы аилацәажәара мҩаԥигеит араионқәеи аусбарҭақәеи рхадацәа алархәны.
Абжьыҭаразы аҭыԥқәа аартхоит: Аҟәа ашколқәа №10, №5 рҿы, Гагра – Акультура ахан аҿы, Пицунда – Акультура ахан аҿы.
Гәдоуҭа араион аҿы абжьыҭара мҩаԥысуеит абжьаратә школ №2, Бамборатәи ашкол аҿи.
Второй тур президентских выборов в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2021
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раан Аԥсны абжьыҭаратә ҭыԥқәа жәба аадыртуеит
Очамчыра – ашкол №2 ахыбраҿ, Тҟәарчал – Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Акультура ахан аҿы, Гал – Акультура ахан аҿы.
Абжьыҭаратә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 8:00 - 20:00 рҟынӡа.
"Азхьаԥшра асҭар сҭахуп Гәылрыԥшь араион, Аҟәа араион, Афон Ҿыц рҿы алхырҭатә ҭыԥқәа шыҟам. Аратәи ауааԥсыра рыбжьыҭара мҩаԥыргарц азы араионқәа реиҳабацәа анапынҵа рыҭахоит атранспорт еиҿыркаарц", - иҳәеит иара.
Гәынба иазгәеиҭеит аԥснытәи аган абжьыҭара апроцесс аганахь ала атехникатә еиԥҟьарада еиҿнакаар шакәу.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Максим Литвинов еиҭеиҳәеит Аҟәатәи абжьыҭаратә ҭыԥқәа Забаикалтәи мандатктәи аокруги Павловтәи мандатктәи аокруги ишрыдҳәалоу, Гагратәи абжьыҭаратә ҭыԥқәа –Самаратәи мандатктәи аокруг, егьырҭ аҭыԥқәа Всеволожтәи аокруг иадҳәалоуп.
Иара иҳәеит ҭыԥ-цыԥхьаӡа 7 – 15-ҩык Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа шыҟало, жәаҩык иреиҵамкәа амилициа аусзуҩцәеи ААИ аекипажи шыҟало.
"Аԥсны инхо алхыҩцәа ирыҭахоит ҩ-биуллитенк: актәи афедералтә сиақәа рылеи апартиақәа рылеи; аҩбатәи мандатктәи акандидатцәа рыла. Аинформациа аиура ҟалоит аинтернет аҿы" - иҳәеит иара.
Араионқәа рхадацәа имҩаԥыргахьоу аусуразы аҳасабырба ҟарҵеит.
Встреча Аслана Бжания с заместителем правительства Забайкальского края - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2021
Аслан Бжьаниа Забаикалтәи атәылаҿацә аиҳабыра рхантәаҩ ихаҭыԥуаҩ дидикылеит
"Абжьыҭара иалахәхар зҭаху ауаа рынеиааира еиҿкаахоит. Аҟәа ҳҽазҳархиахьеит ҳәа сҳәар сылшоит" - иҳәеит ақалақь ахада Беслан Ешба.
Аԥсны ААКХ ахада Ҭамаз Гогьиа иҳәеит Аҳәынҭдумахь алхрақәа Урыстәыла аҩнуҵҟатә ус шакәу, аӡәгьы ихы шалеимгало.
"Ҳара изҳаҳәо аҿы ацхыраара ҟалоит. Араионқәа рхадацәа атәылауаа ацхыраара рырҭоит", - иҳәеит иара.
Абжьыҭара мҩаԥысуеит цәыббра 19 рзы, рхы аладырхәыр рылшоит Аԥсны инхо, 18 шықәса зхыҵхьоу Урыстәыла атәылауаа, иара убасгьы абжьыҭара амш азы ара аамҭала иҟоу. Абжьыҭаразы иумазароуп аҩнуҵҟатәи ма аҳәаанырцәтәи урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы.
Аԥсны инхо, 18 шықәса зхыҵхьоу Урыстәыла атәылауаа рзы абжьыҭаратә ҭыԥқәа еиҿкаан 2011, 2016 шықәсқәа раантәи алхрақәа раан. 2016 шықәсазы абжьыҭара рхы аладырхәит 20 000-ҩык ауааԥсыра, урҭ рҟынтәи 75% апартиа "Иаку Урыстәыла" азы рыбжьы рҭиит.
2018 шықәсазы ареспубликаҿ имҩаԥысит Урыстәыла ахада иалхразы абжьыҭарақәа. Владимир Путин изы рыбжьы рҭиит 94,1% ма 39 427-ҩык.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь адепутатцәа хәышықәса аҿҳәара рыманы иалырхуеит еилаԥсоу асистемала: 225-ҩык адепутатцәа апартиатә сиақәа рыла, даҽа 225-ҩык – мандатктәи аокругқәа рҟынтәи.
Сынтәа Афедералтә сиақәа ирнуп 14 партиа: КПРФ, "Зеленые", ЛДПР, "Новые люди", "Единая Россия", "Справедливая Россия - За Правду", "Яблоко", "Партия Роста, Российская партия свободы и справедливости", "Коммунисты России", "Гражданская платформа", "Зеленая альтернатива", "Родина", "Партия пенсионеров".
Ажәабжьқәа зегьы
0