Аслана Џьынџьалԥҳа лыцхрааразы афонд "Ашана" аԥареизгара хацнаркит

© Sputnik / Томас ТхайцукПодопечная фонда "Ашана" Аслана Джинджолия с мамой
Подопечная фонда Ашана Аслана Джинджолия с мамой  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2021
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" иаанартит Аслана Џьынџьалԥҳа лоперациазы аԥареизгара. Аоперациа амҩаԥгаразы миллионки фышә нызқь мааҭи аҭахуп.
АҞӘА, жьҭаара 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ирыланаҳәеит Аслана Џьынџьалԥҳа лоперациазы аԥареизгара.
Бжьышықәса рыҩныҵҟа Аслана лыхәышәтәразы 23-нтә аԥареизгара мҩаԥысхьеит. Лара москватәи аклиникаҿы акурсқәа дырхыслароуп. Аслана ԥшь-операциак лхылгахьеит, ахәшәтәратә терапиа дахысхьеит лыбаҩқәа рырӷәӷәаразы.
"Ари аԥсҭазаараҿы ирацәоуп узызхьамԥшыша, хьаас иумкыша. Аха убри аан иҟоуп аҭагылазаашьақәа ҳада ԥсыхәа ахьыҟам, иҟоуп аҭоурыхқәа хашҭшьа змам. Аслана Џьынџьалԥҳа лҭоурыхгьы абрахь иаҵанакуеит", - ҳәа лҳәоит афонд "Ашана" ахылаԥшратә хеилак алахәыла Елеонора Гилоиан.
2021 шықәсазы Аслана аҽазныкгьы дзызнаргаз, лыхәышәтәра мҩаԥызго аҳақьым лан илеиҳәеит уаанӡатәи аштифт ԥсахтәуп ҳәа. Аӡӷаб илызҳауеит, ус анакәха еиҳау аштифт лыбаҩ иаларгылатәуп.
"23-нтә алшара лаҳҭеит ҳарҭ зегь ҳаиԥш дыҟазаарц азы. Агәра лҳаргон лхала лчымазара дшазаанаҳмыжьуа, атәыла зегьы ҭаацәак реиԥш дрыхәаԥшыр шлылшо. Сара избоит ауаа агәыӷра раҳҭар шалуа. Аҽазныкгьы зегь шәахь ааԥхьара ҟасҵар сҭахуп Аслана шәлыцхрааразы", – лҳәеит Гилоиан.
Аслана лхаҭа лакәзар, ддухар хымԥада дҳақьымхар лҭахуп, ауаа дрыцхрааларц лгәы иҭоуп. "Избан бҳақьымхарц зыбҭаху?" ҳәа илыҭаз азҵаара аҭакс Аслана илҳәеит: "Избанзар саргьы исыцхраауеит", - ҳәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукПодопечная фонда "Ашана" Аслана Джинджолия
Подопечная фонда Ашана Аслана Джинджолия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Подопечная фонда "Ашана" Аслана Джинджолия
Аслана Ахәыҷтәы реабилитациатә центр аҿы ареаниматолог Ахра Чиковани абаҩрҵәыра лзымҩаԥигоит, иара иҳәоит ателескоптә штифт хымԥада ишылзыԥсахтәу.
"Абаҩырҵәыра ҳзымҩаԥгом, аштифт хеит. Ԥшьышықәса ҵуеит илымоижьҭеи. Ушьҭа илыцәхәыҷхеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Аслана лан Фатима Лашәриаԥҳа ауааԥсыра дрыҳәоит ацхырааразы.
"Аԥсны згәы ҭбаау ауаа рацәоуп. Аҽазныкгьы шәыцхыраара ҳаҳәоит" ҳәа лҳәеит лара.
Аслана лыцхыраашьа атәы жәдырыр алшоит афонд "Ашана". Аофициалтә саит аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0