Аахыҵ Уаԥстәыла аҵара раԥхьатәи амш инахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПоследний звонок в Сухуме
Последний звонок в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Уаԥстәыла Аҵара аминистр илҳәеит аҵарашықәс раԥхьатәи амш аиҭакра мзызс иамоу.

АҞӘА, нанҳәа 15 — Sputnik. Сынтәа Аахыҵ Уаԥстәыла аҵарашықәс цәыббра 1 азы акәымкәа цәыббра 5 рзы иалагоит Беслантәи арыцҳара инамаданы ҳәа еиҭалҳәеит ареспублика аҵара аминистр Натали Гассиев а ҳәа аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.

Предприятия Новороссийска - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла ашколтә форма ахәԥса еиԥшыртәуеит

"Аҵарашықәс алагара арыцхә аԥсахра адҳәалоуп Беслан, цәыббра 1, 2004 шықәса рзы аҭыԥ змаз ахҭысқәа. Иҟалаз зегь еицаҳзеиԥшу рыцҳароуп, гәырҩоуп. Иахәҭаны иаабом абри амш азы аныҳәатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара", — ҳәа лҳәоит аминистр.

Гассиева лажәақәа рыла, иара убасгьы сынтәа цәыббра 1, 2 аԥсшьарамшқәа ирықәшәоит.

Цәыббра 1, 2004 шықәса рзы атеррористцәа Беслан ақалақь актәи ашкол аҵаҩцәа 1128-ҩык ааныркылеит. Иҭахеит 334-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0