Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Владикавказ имҩаԥысуаз аконференциа атәы.
"Ареспублика Ҟрым аҩызцәа V Жәларбжьаратәи рфорум" мҩаԥысуан Иалта абҵара 7 - 9 рзы. Уи иалахәын аиҿкаара "Аԥсны аҩызцәа рлига".
Sputnik акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит иахьа аҳҭнықалақь аҿы акоммуналтә усбарҭақәа русзуҩцәа имҩаԥыргоз аусурақәа ртәы.
Абҵара 12 асааҭ 11:00 рзы Sputnik амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥысраны иҟоуп афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа рыцхырааразы ансамбль "Ерцахә" имҩаԥнагараны иҟоу агәыҳалалратә концерт иазку апресс-конференциа.
Шәача, Адлертәи араион аҿы амаланыҟәарныҟәцаҩ дисит BMW аԥсҟы зкыз ахаҵа. Амаланыҟәа иақәтәаз аҭыԥ аҟны иԥсҭазаара далҵит.
Аҟәатәи аӡҭарчы 2008 шықәса рзы ақалақь ахадара қьырала афирма "Аквастройинвест" ианаҭеит. Уи аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа 2011 шықәса рҟынӡа ихдыркәшар акәын.
Абҵара 11 Адунеизегьтәи афымцеиҷаҳара амш ҳәа иԥхьӡоуп. "Амшынеиқәафымцамч" афилиал "Афымцаҭира" аиҳабы Инал Лазба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит афымца аиҷаҳара шхымԥадатәиу.
Баҭал Ҷежьиа Абокс азы адунеизегьтәи аиҿкаара (WBO) аверсиала аҿар рыбжьара иреиӷьу ҳәа ахьӡ азы ақәгылара мҩаԥигараны дыҟоуп абҵара 14, 2019 шықәса рзы.
Аҟәатәи ахыҵырҭаҿы амцакра арцәаразы Аԥсны АҶА урыстәылатәи рколлегацәа ацхыраара ҟарҵарц азы аилацәажәарақәа мҩаԥыргоит.
Амеломанцәа рсиахь иаҵанакит 31 музыкатә композициа. Изазҵааз ауаа ргәаанагарала, урҭ ашәақәа ахаангьы ргәы рықәԥҵәаӡом.